Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арӡынба: агаз мааҭла аахәаразы Урыстәыла Абанк хада аганахьала аԥкрақәа аԥыхтәуп

Арӡынба: агаз мааҭла аахәаразы Урыстәыла абанк хада аганахьала аԥкрақәа аԥыхтәуп
Анапаҵаҩра
Аекономист Давид Арӡынба арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Европа аурыс газ ахә ахшәааразы амааҭ ахьынтәаанаго.
Хәажәкыра 23 рзы Урыстәыла ахада адҵа ҟаиҵеит иҳәынҭқарра Европаҟа иаҭиуа агаз амааҭ ала ахә ахыршәааларц. Ари ажәабжь ашьҭахь абиржаҿы амааҭ иаразнак аҽарӷәӷәеит адоллари аеврои рҿаԥхьа. Европа макьана амааҭ ахь аиасра иахыццакуам.
"Ари асистема макьана ишьақәымгылаӡацт, избанзар азҵаара цәгьоуп. Урыстәыла ахада идҵа анагӡара алыршахоит ари амза анҵәамҭазы. Азҵаара иадгылеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә банк, ахадара, аилахәра "Газпром". Иабантәиаарго аурыс мааҭ Еропаа. Иҟоуп имаҷымкәа аинструментқәа, уи аганахьала Урыстәыла Аҳәынҭқарратә банк ацхыраара ҟанаҵар алшоит. Мраҭашәаратәи атәылақәа Аурыс банк хада аганхьала асанкциақәа аԥырымхыр, ус еиԥш алшара рмоур ҟалоит. Дара европатәи аҳәынҭкаррақәагьы ари азҵаара иақәшаҳаҭымхацт. Урыстәылатәи агаз аазхәо анаплакқәа ҳәынҭқарратәӡам, аха аурыс мааҭ ала иаархәаразы реиқәшаҳаҭрақәа аиҭакрақәа аларгалароуп", - иҳәеит Арӡынба.
Аекономист убасгьы иазгәеиҭеит агаз аазхәо Европатәи аилахәрақәа рхәынҭқаррақәа азин рырымҭар ҟалоит уи азы, асанкциакциақәа ирхырҟьаны ҳәа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит хыхь аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0