Аԥсны

Бжьаниа аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ахәшьара риҭеит: аиҩызареи агәреибагареи

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Sputnik аинтервиу аиҭеит аусутә еилацәажәарақәа рзы Урыстәыла даныҟаз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аиҩызареи агәреибагареи – абас ахәшьара риҭеит Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа Телеграм-канал Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу аҭо.
Атәыла ахада иҳәеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь ишаԥҵаз аиқәшаҳаҭра-зинтә асиа ҭбаа. Арахь иаҵанакуеит аиқәшаҳаҭра дуқәа: 2008 шықәсазы анапы зҵаҩыз аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра, 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра, иара убасгьы аусбарҭабжьаратәии аиҳабырабжьаратәии еиқәшаҳаҭрақәа.
Бжьаниа иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩба реинырра шхырхарҭарацәоу, арахь ишаҵанакуа арратә еиқәыршәареи аҳәаахьчаратә шәарҭадареи, аекономика аҿиареи асоциалтәии акультуратәии усхкқәеи.
"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа реиҳарак ҳаиқәышаҳаҭрақәеи аусбарҭақәа рыбжьара анагӡара змоу аиқәшаҳаҭрақәа шьаҭас ирымоуп", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит аԥсҭазаара ԥхьаҟа ишцо, аҿагыларақәеи ашәарҭақәеи шцәырҵуа, ишыҟоу иӡбам апроблемақәа.
"Ҳаизыҟазаашьақәа еиҳангьы рхарҭәаара ауеит. Иҟоуп иҵегь иҟауҵаша. Убри азы ԥхьаҟагьы ҳаицусура аизырҳара ҳагәҭакуп", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Ареспублика ахада усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит ԥхынгәы 27 рзы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва дырԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны аҿиареи ашәарҭадареи иацхраауеит иҳәеит Медведев