Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Аԥсны аҿиареи ашәарҭадареи иацхраауеит иҳәеит Медведев

© Foto / Медиацентр МИД Абхазии В Москве состоялась встреча Президента Республики Абхазия Аслана Бжания с Дмитрем Медведевым
В Москве состоялась встреча Президента Республики Абхазия Аслана Бжания с Дмитрем Медведевым  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 27 инаркны Москва дыҟоуп Урыстәыла ахада иусбарҭеи Ашәарҭадартә хеилаки рҿы аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Урыстәыла аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ахахьы иагаз ахыдҵақәа зегьы ныҭкааны инанагӡоит, Аԥсны аҿиареи ашәарҭадара аиҿкаареи иацхраауеит иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даниԥылоз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ имаӡаныҟәгарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
"Урыстәыла аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ахахьы иагаз ахыдҵақәа зегьы ныҭкааны инанагӡоит, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара, уи ашәарҭадара аиҿкаара ацхрааразы иақәнагоу зегьы ҟанаҵоит", - иҳәеит Медведев, иагьазгәеиҭеит Аԥсны аҿиарамҩа ишаныц ишану, уи жәларбжьаратәи апозициақәа рыҽшдырӷәӷәо.
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ уи адагьы инаҵшьны иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра апрограмма анагӡара аԥеиԥш бзиа шамоу. Иара игәаанагарала, уи иабзоураны ареспублика асоциал-економикатә ҿиара бзиа аиоуеит, урыстәылатәи абизнес азы уи аинвестициатә лшарақәа аатуеит.
Аганқәа ҷыдала иалацәажәеит Украина имаԥысуа Урыстәыла арратә операциа ҷыда, иазааҭгылеит аҩтәылак рхәаахәҭра-економикатә усеицуреи урыстәылатәии аԥснытәии амедикцәа рҳәоу еиқәшәаны аус ахьеицыруаз иабзоураны Аԥсны аепидҭагылазаашьа аҭышәныртәалара шалшази.
Уи адагьы, Дмитри Медведев Аԥсны ахадара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымрақәа ахьазхарҵаз, урҭи дареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ахьрыбжьарҵаз.
Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Аԥсны
Аԥсны ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0