Аԥсны

Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә аиуразы азыҳәақәа рыдкылара хыркәшоуп

Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа рырҭоит ауаажәларратә зхаҵара зауз, аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы иубартә иҟалаз ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку арҿиамҭақәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшоуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит акомиссиа ахантәаҩы Арда Ашәба.

"Акомиссиахь иаашьҭын х-усумҭак: Гунда Кәыҵниаԥҳа, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа рырҿиамҭақәа", – иҳәеит иара.

Гунда Кәыҵниаԥҳаи Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳаи апоезиатә рҿиамҭақәа ҳадыргалеит, Гәында Сақаниаԥҳа - апроза. Авторцәа адраматургиатә ҩымҭа ҳәа акгьы нармышьҭит.
"Иазгәаҭатәуп ахәыҷтәы литератураҿ адагьы аԥсуа литература зегь аҿгьы адраматургиа ажанр аамҭа уадаҩ ишҭагыло. Аҩбатәи аиндаҭлараан Валентин Коӷониа иҩымҭа ианашьахеит аԥхьахә", – иҳәеит Ашәба.
Аиндаҭларатә комиссиа алахәылацәа ирзынашьҭу аусумҭақәа мызк аҩнуҵҟала ирыԥхьаны иҭырҵаауеит, наҟ-наҟтәи рлахьынҵагьы азгәарҭоит.
Аиндаҭлара аԥҟарақәа рыла ирызхьаԥшхоит алитературатә критикцәа, алитературадырыҩцәа, аԥхьаҩцәа ргәаанагарақәа ҳәа иҳәеит Ашәба. Иаиааиз рыхьӡ ҳәахоит апоет иирамш аҽны – хәажәкыра 11 азы.
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә шьаҭаркын 2013 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала. Хышықәса рахь знык имҩаԥысуеит ауснагӡатә. Уажәазы аԥхьахә ранашьахоит 2019 -2021 шықәсқәа рзы икьыԥхьыз асахьаркыратә рҿиамҭақәа: апоезиа, апроза, адраматургиа рҿы. Алауреатцәа ах-жанырк рҿы иалыркаауеит.
Аԥсны
Ахәыҷтәы поезиа арҿиаҩы: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә раԥхьатәи алауреатцәа рыӡбахә ҳәан 2017 шықәсазы.
1992-1993 шықәсқәа Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа поет Таиф Аџьба ақырҭцәа рнапаҿы даанхеит. 1992 шықәса жьҭаара 9 азы Таиф Аџьба иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа аруаа. Ишьақәырӷәӷәам аинформациала акраамҭатәи иргәаҟра ашьҭахь Таиф Аџьба дҭархан.