Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷтәы поезиа арҿиаҩы: Таиф Аџьба игәаларшәаразы

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба
Поэт Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Анапаҵаҩра
Иахьа дҳалагылазҭгьы Таиф Аџьба 83-тәи иааԥын даԥылон. 30 шықәса ирықәуп игәырԥхагаз иччаԥшь ҳалыхәдаауижьҭеи. Ус акәзаргьы, ирҿиара иамоу ахыԥшала ҳаԥсҭазаара еснагь дагәылсуеит ҳҳәар ауеит. Апоет ашкол данҭаз нахыс аҩра дшалагахьазгьы, акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 23 шықәса данырҭагылаз 1962 шықәсазы. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга ҭыҵит 1968 шықәсазы. "Ажәеинраалақәа" ҳәа хьӡыс измаз раԥхьатәи ишәҟәы иану алирикатә лыԥшаахқәа рыла - аԥхьаҩ апоет дышииз агәра игаратәы иҟан:
Абри ашьха ду ақәцәан сызхалар,
Схәыцуан убас сара зны,
Убрантә нас еҵәакгьы шаԥшаԥуа
Искып ҳәа снапы ҩакӡаны…
Ари зыҩуаз усҟан иқәыԥшыз апоет, ипоезиатә еҵәа кыдиԥааит ҳҳәар ауеит, адунеи даннаҵы аԥхьаҩцәа ирыдигалаз иҩымҭақәа ирыҵоу амузыкеи афилософиеи ҳрызхәыцуазар. Таиф Аџьба длирикуп, ирҿиараҿ ишьҭихуа афилософиатә, ауаажәларратә, ахәыҷтәы поезиа уҳәа – алира ашьҭыбжь рхуп. Иахьа сзызхәыцырц исҭахыу, апоезиаҿы имариам ҳәа ирԥхьаӡо ахәыҷтәы жәеинраалақәа роуп. Соуп зҳәо апоетцәагьы, ахәыҷқәа рдунеи азааигәахара анрылымшо ыҟоуп, ахәыҷтәы лирика иаҭахуп аҟыбаҩ ҷыда, изызку рдунеи аилкаара.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
"Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсыз...": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Раԥхьаӡа Аџьба итәны исԥыхьашәаз ахәыҷтәы жәеинраалақәа иреиуоуп "Кәантыр". Уи ажурнал "Алашара" адаҟьаҿы избеит санхәыҷыз:
Ачу, Кәантыр! Кәантыр, ачу!
Шьабысҭами са сыҽҵыс.
Са сыҽҵыс хәыҷ, зықәра маҷу,
Ишнеиуа жәбанда, ҳаит, ишьҭхыс…
Ҷыдала, ахәыҷтәы ҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы апоет акыр ихьшәаноуп ианыҭижьыз, Аџьба ишәҟәқәа реиқәыршәаҩ, аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа ишиҳәаз еиԥш : "Апоет иааиԥмырҟьаӡакәа ахәыҷқәа рзы аҩра нап аиркит аҭаацәара даналала, ихәыҷқәа рыбла хаа данҭаԥшы инаркны". Аамҭа- аамҭала ишәҟәқәа иҭыҵуаз рҿы ахәычҭәы жәеинраалақәа уарла-шәарла иаҳԥылозҭгьы, 1978 шықәсазы апоет аԥхьаҩцәа ирыдигалеит ахәыҷқәа ирызку аизга "Ааԥын ашәа", нас даҽа ҩышықәса рнаҩс ицәырҵуеит "Ашәҭқәа рыччаԥшь". Апоет Москваҟа ԥсшьара данцалоз иҭаацәа ирзиҩуаз асалам шәҟәқәа ирнубаалоит ихәыҷқәа акыр ишыгәхьааигоз: "Ботинка ҟаԥшьыки ҵкыӷра ԥхаки лзаасхәеит, (иӡӷаб Алиса лзы Е. К.) схазы апалта аасхәеит, сԥарагьы аанҵәеит". Ихәыҷқәа рыгәхьаагара, хымԥада ихәыҷтәы поезиа арцыхцыхуан, уи аамҭазы иҩыз ажәеинраалақәа рахь ҳхьаԥшуазар: "Исҵеит аӡсашьа сара", "Дадуи сареи", "Уарҳан" уҳәа. Таиф Аџьба ихәыҷтәы жәеинраалақәа еихыушар ауеит ҩ-хәҭакны – ихәыҷӡақәоу ирызку, нас ихбыџқәоу (арҭ ирылоуп адуцәа ирзырхоу апоемақәагьы).
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
"Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Апоет иаԥиҵеит формалеи ҵакылеи акыр иласу ахәыҷӡақәа рзы згәынкылара мариоу "Акрыфара" захьӡу ажәеинраала:
Ари – уан лзы ҿаҵак,
Ари уаб изы ҿаҵак,
Уаҳәшьа лзыҳәангьы ҿаҵак,
Уашьа изыҳәангьы ҿаҵак…
Ас еиԥш еихышәшәо ицо ацәаҳәақәа ани аби рзы ицхыраагӡоуп, ахәыҷӡақәа рлымҳа абызшәа хаа ҭазырсуа, ацәажәашьа дзырҵо роуп. Иара убас, ахәыҷқәа ирлас-ырлас ирҳәо жәеинраалоуп "Ҵис аԥаҵақәа". Уи ашкол иҭамлаци, ма аиӡбыратәи аҿы итәоуи рҭаацәа аԥхьаӡара зладдырҵаша жәеинраалоуп ҳҳәар ауеит :
Акы, ҩба, хԥа,
Шәааи иҳаԥхьаӡап,
Ҵис аԥаҵақәа!
Апоет ицәаҳәақәа реишьҭагылашьа ҳахәаԥшуазар, еиҵыхым, цырак, ҩ-цырак рыла ишьақәгылоуп, ажәа ҭлапҟақәа ззырҳәо ирцәыхароуп, ахәмарратә ҟазшьа рымоуп:
Чаҟәа-Чаҟәа!
Чаҟәа-чаҟәа!
Иеиқәырчаҟәа,
Иеиқәырчаҟәа…
Апоет ихәыҷтәы ҩымҭақәа рҿы хархәара ззиуа алексика абас ахәшьара аиҭоит Аҵарауаҩ Кәаӷәана: "ахәыҷра аҟынтәи иаауеит, аритмика еилыххоуп, аԥсуа хәыҷы иани иаби рбызшәа мариала изырҵаша, аԥсуала дхәыцуа дҟазҵо ажәеиқәыршәарақәа роуп". Аџьба ирлас-ырласны аԥхьаҩцәа хәыҷқәа ирыдигалон згәынкылара уадаҩым абжьыҭҟьақәа ирышьашәалоу ахәмарга ажәақәа : "Кәата рцынак- Уаа-аҟ, уа-аҟ", "Миау, миау, чыфф-ф", "Ҟы, ҟы, ҟыҟы –Иаагеит абжьы", "ҵиҵу, ҵиҵу! Дҿыхоу, дыцәоу?" "Кьыныкьыны, Паҩ-паҩ"…
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2019
Ихнымҳәыз апоет: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Алықьса Гогәуа игәалашәарақәа рҿы, Аџьба ихәыҷтәы поезиазы иҩуеит: "Таиф Аџьба иҩымҭақәа ахәыҷбаҳча инаркны ҳхәыҷқәа ирылаҵәаны иҟоу, рааӡара иалахәу, ҳажәа агәыбылра дзыркуа иреиӷьӡақәоу рахь иԥхьаӡоуп" ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рыҟны аныҳәатә қәгыларақәа раан акыр ахархәара рымоуп "Аӡын" (Са сындәылҵит адәахьы..), "Ҽаанбзиала" (…Ҽааны абзиара, ҽааны ақьиара), "Сара сбызшәа" (Сан даԥсыуоуп, саб даԥсыуоуп, Са саԥсыуоуп схаҭагьы…) реиԥш иҟоу ажәеинраала ссирқәа. Даара иқәҿиароу ҩымҭақәоуп ҳҳәар ауеит, еиҳа ихбыџқәоу ҳәа сызҿыз ирызку ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Еиҳаракгьы, иалыскаар сҭахуп уи илакә-поемақәа. Асовет аамҭазы ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аҿы редакторс иҟаз Гогәуа иалкааны иазгәеиҭоит: "Таиф ахәыҷтәы жәеинраала ссирқәа иҩуан, еиҳагьы еиӷьны – алакәқәа ирылхыз ахәыҷтәы поемақәа" ҳәа. Апоет ахәыҷқәа рзы ишеит апоемақәа жәаба, урҭ рыбжьара афилософиатә, политикатә ԥштәқәа знубаало ыҟоуп. Иаҳҳәап "Абна лакә" аҵакы шыҟоу ала, ахәыҷқәа рымацара ракәым, адуцәа рзгьы инаалоуп. Аполитикатә хыԥша змоу, ажәамаана астиль ала иҩу лакәуп иара, абна агәҭа амшә хантәаҩра зызнауаз, ақәыџьмеи, абгеи, ажьеи злахәыз аизара амҩаԥысшьа уазааҭгылозар. Аҳәынҭқараҿ аусқәа анҽеим, ачынуаа дара-дара ишеиқәырҵо знубало поемоуп:
Амшә ҭаҷкәымла-
Ақәыџьма иасит.
Ақәыџьма гәаан-
Абга иасит.
Абга гәаан-
Ажьа иасит.
Ажьа гәаан –
Анышә иасит.
Анышә иачҳауеит зегьы-
Уаҳа акымзарак акы….
Ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа зыӡбахә ҳаму апоет ихәыҷтәы поезиа аҟазшьа ҷыда абас ахиҳәаауеит: "Адидактика ма зынӡа иҟаӡам, ма аԥхьаҩ хәыҷ идымгалацәакәа ахшыҩырҵаратә цәажәара ала акәымкәа, ахаҿсахьақәа ршьыҵәрала ауп ишизнагоу" ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, Таиф Аџьба ихәыҷтәы рҿиара ҵакыла акыр иҵаулазаргьы, иара иазиԥшааит ҳҳәар ауеит имариоу, иласу, згәынкылара мариоу аформа:
Аӡын ҭыҩрак наҟ ицәыҵан,
Ашьаргәыҵа абз ахьшьуа.
Ааԥын амшә аҭыҩра иҭыҵын,
Адәы инықәлеит имлашьуа…
Апоет ихы иаирхәо арифмеи аритми убас еиҿыбааны иҟаҵоуп, знык унаԥхьаргьы ишьҭукааратәы. Ахәыҷтәы поезиа "алеишәа цәгьоуп" уи дара зызку ахәыҷқәа ианрыдрымкыла, баша ақьаад иазынхоит ауп. Исҳәарц сылшоит иахьа изиирамшу Таиф Аџьба иԥсҭазааратә лахьынҵа трагедиахазаргьы, ирҿиаратә лахьынҵа бзиоуп ҳәа. Иахьа иара даныҟамгьы, иажәеинраалақәа зызку ҿырҳәала ишырҳәо анубо, иџьабаа шыбзабаахаз агәра угоит….
Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2018
Аибашьра иахәхаз аромантик
Таиф Аџьба иархив аҿы иҟоуп макьана иҭҵаам, ихаҭара аазырԥшуа анҵамҭақәа. Апоет џьара длафҳәаҩын, даҽаџьара угәы зырԥшаауа аҭагылазаашьақәагьы дрынион инысымҩаҿы. Москва амҵан ишьҭоу Молеевкантә иҩуаз асалам шәҟы аҟны, иааихәаз ипалта аныҟәгашьазы, длафуа иԥшәма ԥҳәыс абас лзиҩуеит: "Иахьа спалта ҿыц сышәҵаны ахагацәа реиԥш абна сылан, уаҳа ишԥазури, уи ауп гәырҿыхагас исымоу…". Таиф Аџьба иссиру ихәыҷтәы жәеинраалақәа анаԥиҵозгьы абжьааԥынгьы аматериалтә уадаҩрақәа иныԥшуан: "Еиҭабгәаласыршәоит, аԥара сҭахуп, шәкыҵәҟьа былымшаргьы 50 мааҭ иреиҵамкәа, иаарласны", - аҳәоит иԥшәма ԥҳәыс лахь иҟаиҵоз аҳәара. Ус акәзаргьы, уи аамҭазы ииҩыз ихәыҷтәы ҩымҭақәа ҳанрыԥхьо, аматериалтәи адоуҳатә беиараеи уамак еишьашәаламзар ҟалоит ҳҳәаргьы ауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0