Аԥсны

2025 шықәсанӡа Аԥсны аҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп

Аиқәшаҳаҭра иахықәкуп Аԥсны аҿиара ацхраара, хнырҳәрадатәи афинанстә цхыраарагьы налаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Москва анапы аҵаҩуп 2022-2025 шықәсқәа раантәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аҳәынҭпрограмма анагӡара ацхраараз Аиқәшаҳаҭра, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ближнее зарубежье.
Урыстәылатәи аган ахьӡала адокумент инапы аҵеиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, аԥснытәи аган ахьӡала – аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Абри аҩыза аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи.
"Урыстәыла ареспубликақәа рзы асоциалтәи абиуџьеттәи шәарақәеи, асоциалтә маҵзурақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара шыҟанаҵац иҟанаҵоит", - иҳәеит Решетников.
Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбрала апрограмма аԥарақәа ныххар ҟалоит абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхразы, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәшәыла реиқәыршәаразы, Аԥсны ААР аматериал-техникатә база арӷәӷәаразы, Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа рулафахәи ртәанчахәи рышьҭыхраз.