Аԥсны

Бжьаниа: 2025 шықәсазы Аԥснытәи аулафахәқәа Ҟәбина ироуа аҟынӡа анагара ҳгәы иҭоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа нанҳәа 4 рзы Аҟәа ақалақь актив дырԥылоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2025 шықәсазы Аԥснытәи аулафахәқәа Ҟәбина ироуа аҟынӡа анагара ҳгәы иҭоуп, абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра рԥылараан.
"Урыстәыла анапхгареи ҳареи ҳгәы иҭоуп 2025 шықәсазы Аԥснытәи аулафахәқәа Ҟәбина ироуа аҟынӡа анагара", - иҳәеит ахада.
Аԥсны
Аиҳабыра абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит
Зыӡбахә ҳамоу 35 000 мааҭ рҟынӡа инеиуа аулафахәоуп иҳәеит ахада.
Ахада иҳәеит аҳәынҭбиуџьет ахашәалатә хәҭа Урыстәылатәи ацхыраарала ишеиҿкаау.
"Ахәҭак ҳара еиҿаҳкаауеит, егьи ахәҭа – Урыстәылатәи Афедерациа. Атәанчахә аусхк аҿы Урыстәыла аԥыжәара амоуп – 4 миллиард мааҭ аланагалоит", - иҳәеит иара.
Убри азы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылара ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.