Аԥсны

Аҟәа амҩақәа рыхәҭак аркхоит нанҳәа 6 азы

Аамҭалатәи амҩа аркра адҳәалоуп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа - Џьонуа амҩаҟны акаҭран аҩбатәи аҿыгҳара ықәырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аҟәа амҩақәа рыхәҭак амашьынақәа рныҟәаразы иаркызаауеит нанҳәа 6 азы, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Амҩахәҭак аркызаауеит - Гәлиа имҩа инаркны Арӡынба имҩа аҟынӡа.
Аԥкрақәа алагалоуп акаҭран аҩбатәи аҿыгҳара ахьықәырҵо иахҟьаны.
Аҟәа ақалақь х-мҩаду хадак - Абазақәа, Гәлиа, Џьонуа рыҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.