Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи русхк аҿы азакәанԥҵара аишьаршәалара

Аганқәа абри аус аҿы иарбан хырхарҭоу иалхтәу азгәарҭеит, уажәшьҭа Аԥсны амчрақәа анорматив-зинтә актқәа аус рыдулара иалагароуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи русбарҭақәа аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи русхк аҿы азакәанԥҵара аишьаршәалара иалацәажәеит, абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Руслан Аџьба.
Аганқәа злацәажәаз атемақәа ируакуп атәылауаа ахымхәара, ахымхәара агәыԥқәа, амзызқәа, аҿҳәарақәа рышьақәыргыларазы аплан-аамҭахҵәаха аус адулареи анапаҵаҩреи.
Амеморандум Москва рнапы аҵарыҩхьеит. Уажәшьҭа Аԥсны амчрақәа анорматив-зинтә актқәа аус рыдулара иалагароуп.
Иара убасгьы иалацәажәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа асоциалтә маҵзура рыҭаразы" азакәан аус адулареи адкылареи ртема. Апроект аҩнуҵҟаусбарҭатә еиқәшаҳаҭра иахысроуп.
Уи адагьы Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа рылацәажәеит атәанчахәытә еиқәыршәара асистема ҿыц аиҿкаара иазырхо анорматив-зинтә актқәа рыдкылареи рынагӡареи.
Аԥсны
2025 шықәсанӡа Аԥсны аҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп
Ари апункт анагӡаразы аус рыдулоуп аҳәынҭқарратә закәанқәа рыпроектқәа ҩба: атәанчахәытә еиқәыршәарази хымԥадатәи атәанчахәытә ԥгаԥсара асистемаҿ ахаҿратә ҭаҩреи рзы.
Уи адагьы Аԥсны азакәанқәак аԥсахрақәа рылагаларазы азакәан апроект аус адулоуп.
"Уажәы арҭ азҵаарақәа рынагӡашьақәа ҳрылацәажәон. Апроектқәа рыцеиқәшаҳаҭра аҿҳәарақәа ҳрылацәажәеит. Анаҩс, Аминистрцәа реилазаарахь инаҳашьҭуеит. Анаҩс аусура ду ҳзыԥшуп – азакәанаҵатә актқәа, автоматизациа, апрограмматә еиқәыршәара. Азакәан аԥаразоужьра аҭаххоит. Сгәанала, ҳаҿҳәарақәа ҳарҭымскәа зегьы ҳрыхьӡоит", - иҳәеит Руслан Аџьба.
Аԥсны
Аԥсны "Аҳазалхратә ахәԥҵәа азы" азакәан ҿыц аус адырулоит