https://sputnik-abkhazia.info/20220805/asni-urystylei-aei-asotsialt-eiyrsharei-ruskhk-ay-azakanara-aisharshalara-1040724428.html
Аԥсни Урыстәылеи аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи русхк аҿы азакәанԥҵара аишьаршәалара
Аԥсни Урыстәылеи аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи русхк аҿы азакәанԥҵара аишьаршәалара
Sputnik Аҧсны
Аганқәа абри аус аҿы иарбан хырхарҭоу иалхтәу азгәарҭеит, уажәшьҭа Аԥсны амчрақәа анорматив-зинтә актқәа аус рыдулара иалагароуп. 05.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-05T10:58+0300
2022-08-05T10:58+0300
2022-08-05T11:42+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102678/39/1026783914_0:1129:2048:2281_1920x0_80_0_0_a217396994a2623f7b7773714c3dff0e.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи русбарҭақәа аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи русхк аҿы азакәанԥҵара аишьаршәалара иалацәажәеит, абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Руслан Аџьба.Амеморандум Москва рнапы аҵарыҩхьеит. Уажәшьҭа Аԥсны амчрақәа анорматив-зинтә актқәа аус рыдулара иалагароуп.Иара убасгьы иалацәажәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа асоциалтә маҵзура рыҭаразы" азакәан аус адулареи адкылареи ртема. Апроект аҩнуҵҟаусбарҭатә еиқәшаҳаҭра иахысроуп.Уи адагьы Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа рылацәажәеит атәанчахәытә еиқәыршәара асистема ҿыц аиҿкаара иазырхо анорматив-зинтә актқәа рыдкылареи рынагӡареи.Ари апункт анагӡаразы аус рыдулоуп аҳәынҭқарратә закәанқәа рыпроектқәа ҩба: атәанчахәытә еиқәыршәарази хымԥадатәи атәанчахәытә ԥгаԥсара асистемаҿ ахаҿратә ҭаҩреи рзы.Уи адагьы Аԥсны азакәанқәак аԥсахрақәа рылагаларазы азакәан апроект аус адулоуп."Уажәы арҭ азҵаарақәа рынагӡашьақәа ҳрылацәажәон. Апроектқәа рыцеиқәшаҳаҭра аҿҳәарақәа ҳрылацәажәеит. Анаҩс, Аминистрцәа реилазаарахь инаҳашьҭуеит. Анаҩс аусура ду ҳзыԥшуп – азакәанаҵатә актқәа, автоматизациа, апрограмматә еиқәыршәара. Азакәан аԥаразоужьра аҭаххоит. Сгәанала, ҳаҿҳәарақәа ҳарҭымскәа зегьы ҳрыхьӡоит", - иҳәеит Руслан Аџьба.
https://sputnik-abkhazia.info/20220804/2025-shysana-asny-aiara-atskhraarazy-aishaara-anapy-aaup-1040708660.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220804/asny-aazalkhrat-akha-azy-azakan-yts-aus-adyruloit--1040694184.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102678/39/1026783914_0:937:2048:2473_1920x0_80_0_0_e1765d0102c0f740041700719c920733.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсни Урыстәылеи аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи русхк аҿы азакәанԥҵара аишьаршәалара
10:58 05.08.2022 (ирҿыцуп: 11:42 05.08.2022) Аганқәа абри аус аҿы иарбан хырхарҭоу иалхтәу азгәарҭеит, уажәшьҭа Аԥсны амчрақәа анорматив-зинтә актқәа аус рыдулара иалагароуп.
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи русбарҭақәа аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи русхк аҿы азакәанԥҵара аишьаршәалара иалацәажәеит, абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Руслан Аџьба.
Аганқәа злацәажәаз атемақәа ируакуп атәылауаа ахымхәара, ахымхәара агәыԥқәа, амзызқәа, аҿҳәарақәа рышьақәыргыларазы аплан-аамҭахҵәаха аус адулареи анапаҵаҩреи.
Амеморандум Москва рнапы аҵарыҩхьеит. Уажәшьҭа Аԥсны амчрақәа анорматив-зинтә актқәа аус рыдулара иалагароуп.
Иара убасгьы иалацәажәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа асоциалтә маҵзура рыҭаразы" азакәан аус адулареи адкылареи ртема. Апроект аҩнуҵҟаусбарҭатә еиқәшаҳаҭра иахысроуп.
Уи адагьы Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа рылацәажәеит атәанчахәытә еиқәыршәара асистема ҿыц аиҿкаара иазырхо анорматив-зинтә актқәа рыдкылареи рынагӡареи.
Ари апункт анагӡаразы аус рыдулоуп аҳәынҭқарратә закәанқәа рыпроектқәа ҩба: атәанчахәытә еиқәыршәарази хымԥадатәи атәанчахәытә ԥгаԥсара асистемаҿ ахаҿратә ҭаҩреи рзы.
Уи адагьы Аԥсны азакәанқәак аԥсахрақәа рылагаларазы азакәан апроект аус адулоуп.
"Уажәы арҭ азҵаарақәа рынагӡашьақәа ҳрылацәажәон. Апроектқәа рыцеиқәшаҳаҭра аҿҳәарақәа ҳрылацәажәеит. Анаҩс, Аминистрцәа реилазаарахь инаҳашьҭуеит. Анаҩс аусура ду ҳзыԥшуп – азакәанаҵатә актқәа, автоматизациа, апрограмматә еиқәыршәара. Азакәан аԥаразоужьра аҭаххоит. Сгәанала, ҳаҿҳәарақәа ҳарҭымскәа зегьы ҳрыхьӡоит", - иҳәеит Руслан Аџьба.