Аԥсны

ААР Гәдоуҭатәи аҟәша ашықәсбжазтәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит

ААР Гәдоуҭатәи аҟәша 2022 шықәса актәи азыбжаз азинеиҿкаареи ауаажәларратә шәарҭадареи реиқәыршәареи аусурақәа рзы аихшьаалақәа ҟаҵоуп, иалкаауп аԥыжәара зҭатәу ахырхарҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. ААР Гәдоуҭатәи аҟәша аҿы имҩаԥысит аҳасабырбатә еилацәажәара Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, ААР анапхгара, араионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа алархәны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусбарҭа аиҳабы и.н. Зосма Гыцба иҳасабырба инақәыршәаны 2022 шықәса фымз рыҩныҵҟа араион аҵакыраҿы 50 цәгьоура аҭыԥ рыман, 43 аарԥшын (86%), ари 14,1% рыла еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа.
Гыцба иажәақәа рыла азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа анаркотикқәеи аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи русхк аҟны ацәгьоурақәеи закәаншьаҭада абџьар амазаареи раԥырҟәҟәаара аԥыжәара шарҭо.
Иара убасгьы аҳасабырба инақәыршәаны араион аҿы еиҵахеит ахатәтәра аԥырхага азҭо ацәгьоурақәа. Сынтәа асеиԥштәи ацәгьоурақәа фба аҭыԥ рыман, хԥа аарԥшуп.
Аԥсны
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа анаркотикқәа аларҵәаҩцәа ҩыџьа арбаандаҩит
Аилацәажәараҿы иазгәаҭан аԥсшьаҩцәа рмазара аӷьычреи ауаажәларратә шәарҭадара ашьақәыргылареи рганахь ала ирӷәӷәоу арежим ала аусурақәа шымҩаԥысуа.
Вальтер Быҭәба араионтә ҟәша аҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рыбжьара аԥыжәара рыманы рыӡбахә иҳәеит, ацәгьоурақәа рыҭҵаараҿы аоперативтәи азыԥхьагәаҭаратәии уснагӡатәқәа.
Иазгәеиҭеит аӡбарҭақәеи аусҭҵаарақәеи ирцәыбнало ахаҿқәа рыԥшаараз аусурақәа шырӷәӷәалатәу.