Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа анаркотикқәа аларҵәаҩцәа ҩыџьа арбаандаҩит

© Sputnik / Владимир ФедоренкоМолоток судьи в витрине подарков в Государственной Думе
Молоток судьи в витрине подарков в Государственной Думе - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2022
Анапаҵаҩра
Иаанкылаз ахаҿқәа Аҟәа, Синоп араион иахьаҵанакуаз амаӡаҵәахырҭақәа рыла анаркотикқәа аладырҵәон.
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3 апункт "в" иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура (закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар метадон хыԥхьаӡара рацәала аахәара, амазаара, аҭира) инақәыршәаны Александр Чепелиа, Владимир Романков арбаандаҩит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Аԥсны
Хҩык Аԥсны атәылауаа аныцә аарыхраз иааныркылеит
Заанаҵтәи аусҭҵааратә дыррақәа рыла, Чепелиеи Романкови еибыҳәаны адырра роуит аус зымуа аихамҩатә аангыларҭа "Кьалашәыр" аҟны 33,5 грамм аметадон ахьыҵәахыз аҭыԥ азы.
Аҭыԥ ахьыҟоу азы дырра риҭеит идырым ахаҿы "Катя" ҳәа зхы иахьӡызҵаз. Ари ахаҿы Синоп иахьаҵанакуа хылаԥшҩыс дыҟоуп.
Ахацәа анаркотикқәа еихыршеит. Ахәҭак рҭиит абри араион аҿы амаӡаҵәахырҭа ахархәарала, егьи ахәҭа рышьҭамҭа арӡразы икарыжьит. Иаанхаз ахәҭа. анаҩс агәаҭарақәа раан дара ирыдбалан.
Владимир Романкови Александр Чепели ҩымз-ҩымз ҳәа иҭакуп.
Аӡбарҭа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит ахара рхароуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа ахара рымам ҳәа ишыԥхьаӡо аӡбарҭаҿ рхара шьақәырӷәӷәаны аӡбарҭа аӡбамҭа азакәантә шьаҭа аиуаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0