АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Запарожиетәи аобласт аҿы аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәеи 44-тәи артиллериатә бригада агаубицатә дивизионқәа ҩба аамҭалатәи ргыларҭеи ԥыржәеит. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иҭархоуп 150-ҩык аррамаҵзурауаа, америкатәи агаубицақәа М777 ҩба, зқьи хәышә рҟынӡа урҭ рџьаԥҳаны, агаубицақәа "Мста-Б" фба, артиллериатә хысгақәа ааба, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа "Град" рыхгәыцәқәа 350, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьба", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатәи артиллериатәи ари уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьба, Днепропетровсктәи аобласт аҿы аамҭалатәи агыларҭа, 182 раион рҿы УАМ аибашьцәеи атехникеи, аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Рхысра шьаҽуп агаубицақәа Д-30 рывзводқәа хԥа, РСЗО "Град" авзвод.
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа ДЖәР-и Харьковтәи аобласт рҿы иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба, абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" хԥа Херсонтәи аобласт аҿы, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа рыхгәыцәқәа хԥа.
Арратә операциа иалагазар Урыстәылатәи Афедерациа адыррақәа рыла Украина Арбџьармчқәа рцәыӡқәа иреиуоуп: 261 ҳаирплан, 145 верталиот, 1685 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 361 зенит-ракетатә комплекс, 4254танки акәылӡымашьынеи, 789 реактивтә система, 3267 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 4716 ак автомобилтә техника.