Иапониатәи аоператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи Баграт Шьынқәба иажәеинраалала иаԥҵоу ашәа "Шьышь нани" наигӡеит. Ари агарашәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иаҳаҭыроуп, ажәлар зҭагылаз арыцҳара ду -амҳаџьырра- амузыкатә символны иазыҟалеит.
Масаши Тсуӡи – аиапон оператә шәаҳәаҩуп. Аиҳарак иара аконцертқәа мҩаԥигоит Германиеи Иапониеи. Шықәсқәак раԥхьа аԥсуаа рыхьӡырҳәага, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа Иапониа иҭлыжьит адиск. Егьырҭ ашәақәа рыгәҭа иҟан аԥсуа ашәагьы. Ари адиск Масаши имԥыхьашәеит, ашәагь дыхнахит. Иҭаххеит аҭоурых аилкаара.
Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах". Масаши ашәҟәы данаԥхьа даара иааигәаны идикылеит амҳаџьырқәа рхьаа, еиҳагьы ашәа бзиа инарбеит.
Иапониатәи ашәаҳәаҩ аԥсуа ашәа аҵара дицхрааит Германиа инхо, амузыкаԥҵаҩы Хьыбла Амҷԥҳа.