Аԥсны

Аԥсны "омикрон" зыдбалоу рхыԥхьаӡара аизҳара азгәаҭоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны араионқәа зегьы рҟны акоронавирус ашьҭыҵра азгәаҭоуп, аҿкы зыдбалоу еиҳарак ирымоу омикрон-штамм ауп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Аԥсны
Башкириатәи аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҟны мызкы аус рулоит
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, иахьазы амедусҳәарҭаҟны ишьҭоуп 20-ҩык, урҭ рышьҭаҵаразы ахархәара амоуп аҿкчымазаратә ҟәша мацара.
"Адунеи зегь аҟны аҿкы зыдбалоу рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Иаҭахны иҟалар Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ихадоу ахәҭа аартхоит, аҳақьымцәа ргәыԥқәа еиҿкаахоит. Макьана ахәшәтәырҭа ахатәы мчқәа рыла еизхоит", - иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуаԥҳа иазгәалҭеит, иааиуа амчыбжь инаркны аусура ишалаго аҩны инеины атестқәа згарц зылшо амобилтә гәыԥ. Атест аҭаразы ирыдыркылоит аҳақьым иҟынтәи адәықәҵабӷьыц рымазар ма ачымазара асимптомқәа рызцәырҵзар.
Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәлеи амедицинатә хархәагала аиқәыршәареи рыҟәша аиҳабы Ахра Аџьба иажәақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭеи ПЦР-апунктқәеи ахәшәқәеи аныхратә материалқәеи рыла аиқәыршәаразы Агәабзиарахьчара аминистрра аҵәахқәа амоуп.
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа