АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Владимир Зеленски зхадараҿы дыҟоу киевтәи арежим аиадертә терроризм азы ахара рыднаҵоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Telegram адаҟьа.
"Нанҳәа 5 2022 шықәсазы 16.20 сааҭ инаркны 17.24 нӡа Украинатәи аруаа Запорожиетәи атомтә фымцастанциеи Енергодар ақалақьи ирылахысит", - аҳәоит адырраҭара.
Ақалақь иахьалахысуаз иахҟьаны хәҭа-хәҭала аӡи афымцалашареи ыҟаӡам, АЕС аҟны амаругақәа реиҳарак аус руӡом.
Уи адагьы, ахырҭҟәацгақәа ааха рырҭеит аӡритә цәаҳәақәа, уи иахҟьаны аӡри амца акит. Авариатә усбарҭақәа рымчала амца ырцәан.
"Анцәа имчала, Украинатәи ахырҭҟәацгақәа рықәымшәеи ааигәа иҟаз ахәша-мазуттә нхамҩеи аҵәыҵәритә станциеи, уи иабзоураны Европа иҟоу зымҽхак ҭбаау атомтә фымцастанциаҟны амцакрақәеи арадиациатә авариеи иацәыхьчахеит", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра украинатәи аруаа Запорожиетәи атомтә фымцастанциа акәша-мыкәша аичарчыратә шьаҿақәа шыҟарҵо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.