Аԥсны

Аҟәа анапхгара 40 миллион мааҭ рыхә атехника ҷыда аанахәоит

Аҳҭнықалақь ахь иааргахьеит 12, 8 миллион мааҭ иаԥсоу агәраҵақәа зырԥшшо амашьынеи, 5, 7 миллион мааҭ иаԥсоу аихеихаԥсатә аекскаватори.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Аҟәа анапхгара амуниципалтә усҳәарҭақәа рзы 40 миллион мааҭ рыхә атехника ҷыда аанахәоит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь апресс-маҵзура.
Аԥсны
Аҟәа ахада 2022 шықәса аԥхьатәи азыбжазтәи аусураз аҳасабырба ҟаиҵеит
Атехника хәҭак аахәоуп, егьырҭ аархәараны иҟоуп. Аҳҭнықалақь ахь иааргахьеит агәраҵақәа зырԥшшо амашьынеи аекскаватори.
Беслан Ешба иҳасабырба инақәыршәаны агәраҵақәа зырԥшшо амашьына ахә бзиала иаархәеит, аџьармыкьаҟны 15-16 миллион мааҭ иаԥсоуп.

"Ҳагәраҵақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу зегьы иаадыруеит. Ари амашьына ада ҳагәраҵақәа ҳазрыцқьаӡом. Уажәы амашьына агәаҭарақәа иахрыжьуеит", - иҳәеит ақалақь ахада.

Уи адагьы, "Ақалақь ргылара апроект" аусҳәарҭазы иаахәан агәамгагеи, 3, 2 миллион мааҭ иаԥсоу абаҳчатә асабаеизгагеи.
Наҟ-наҟ, 5, 2 миллион мааҭ ҳәа иаахәахоит аҟьамсаргага, 8, 8 миллион мааҭ ҳәа аԥссага машьына, 4 миллион мааҭ ҳәа аекскаватор-ақәҵагага.