Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахада 2022 шықәса аԥхьатәи азыбжазтәи аусураз аҳасабырба ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Встреча Бжания с активом Сухума, отчет главы за первое полугодие
Встреча Бжания с активом Сухума, отчет главы за первое полугодие - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа нанҳәа 4 рзы Аҟәа ақалақь актив дырԥылоит. Аизараҿы Аҟәа ахада Беслан Ешба 2022 шықәса аԥхьатәи азыбжазтәи аусураз аҳасабырба ҟаиҵеит.
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2022 шықәса фымз рыҩнуҵҟа Аҟәа ақалақь абиуџьеттә лагалатә хәҭа инагӡоуп 113% рыла, абри атәы иҳәеит ақалақь ахада Беслан Ешба.
"Планла 571 миллиони 471 нызқь мааҭ ахьарбаз иаланагалеит 645 миллиони 598 нызқь мааҭ. Ари 74 миллиони 127 нызқь мааҭ рыла еиҳауп аплан иарбаз аасҭа", - иҳәеит иара.
Иара иҳәеит ахатә лагалақәа планла 495 миллиони 468 нызқь мааҭ ахьарбаз ишаланагалаз 570 миллиони 752 нызқь мааҭ (115%).

"Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансфертқәа рыҳасаб ала аулафахәы ацфинансмҩаԥгараз рԥаразоужьрала иалагалан 29 миллиони 377 нызқь мааҭ. Ахада ирезервтә фонд аҟынтәи Аҟәа инхо ауааԥсыра, 2021 шықәсазы аԥсабаратә рыцҳарақәа ирхырҟьаны аԥхасҭа зауз, материалтә цхыраарак аҳасаб ала ирыҭан 39,5 миллион мааҭ", - иҳәеит Ешба.

Иара иажәақәа рыла ақалақь абиуџьет сынтәа иаланагалаз ахатә лагалақәеи ҵыԥх абри аамҭаз иаланагалази реиҿырԥшратә анализ иаанарԥшуеит сынтәатәи алагалақәа 78 миллиони 747 нызқь мааҭ шыҟоу, аизҳаратә динамика 116% инаӡеит.
"2022 шықәса аԥхьатәи ахәҭазы абиуџьет аныхратә хәҭа 85,4% ыҟоуп. Планла 687 миллиони 450 нызқь мааҭ ахьарбаз иныхуп 587 миллиони 297 нызқь мааҭ", - иҳәеит Ешба.
2022 шықәсазтәи Аҟәа ақалақь абиуџьет миллиардки 178 миллиони 400 нызқь мааҭ ҳәа ирыдкылан.

"Хәымзтәи аамҭаз абиуџьеттә рбагақәа аплантә рбагақәа иахьреиҳаз, иара убасгьы иаанханы 117 миллион мааҭ ацәынха иахьыҟаз азы абиуџьет еиҭахәаԥшын, ишьақәыргылан алагалақәа: миллиардки 196 миллиони 438 нызқь мааҭ ҳәа, аныхрақәа –миллиардки 460 нызқь мааҭ ҳәа", - азгәеиҭеит Ешба.

Аныхрақәа рыла адефицит 264 миллиони 412 нызқь мааҭ артәеит. Иара хҩахоит 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азы иаанхан иҟаз ацәынхеи абиуџьетбжьаратә трансфертқәеи рыла. Абрахь иалоуп 92 миллиони 200 нызқь мааҭ – аулафахәазы Урыстәылатәи асоциалтә блок асубсидиа, 39 миллиони 50 нызқь мааҭ - ахада ирезервтә фонд адотациа, 2 миллионк – Аминистрцәа реилазаараҟынтә, 3 миллионки 500 нызқь мааҭ егьырҭ алагалақәа рҟынтә.
Иара убасгьы Ешба иҳәеит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограммала еиуеиԥшым апроектқәеи ауснагӡатәқәеи шынарыгӡо. Урҭ ирзырхан 580 миллион мааҭ.
Аҟәа ахада иара убасгьы иҳәеит аинвестициатә проектқәа иааидкыланы миллиардки 730 миллион мааҭ рыхә шымҩаԥырго.
Ажәабжьқәа зегьы
0