Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә ҳақьым Скорик лусураҿ лыҟамзаара зыхҟьаз гәанаҭоит

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лусурахь дымнеижьҭеи ҩымчыбжь ҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лусураҿы дахьыҟам азы амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥыргоит.
Аусбарҭа аофициалтә ҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп Скорик ԥхынгәы 25 раахыс аусурахь дшымнеиц.

"Лиудмила Вильберт-иԥҳа Скорик лусурахь лҭымҵра мзызс иамоу азы Агәабзиарахьчара аминистрра анапхгара адырра рылымҭеит иара убасгьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкыз аиалцәажәара лҽалалмырхәит, уи шымҩаԥгахо азы заанаҵы адырра шлыҭазгьы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Скорик аӡәгьы иҽлымалымдеит, ателефонгьы шьҭылхуам.
2021 шықәса хәажәкырамзазы асанитартә ҳақьым хада "Аџьынџь гәабзиарахьчараҿ алшамҭақәа рзы" амедал ланашьан акоронавирустә инфекциа активла аҿагыларазы.