Аԥсны

Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир аҿы уарчаа аиааит

Ԥхынгәы 23 рзы Аҟәа ихацыркхаз ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир иалахәын 12 команда.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир аҿы уарчаа ҷлоуаа ириааит пенальти амҩаԥгарала.
Аамҭа хадаан акомандақәа ампыл рызҭамыршәит, пенальти ала 8:9 ҳәа Уарча акоманда аиааира агеит. Ахԥатәи аҭыԥ азы ихәмаруан акомандақәа "Бзыԥи" "Аӡҩыбжьеи". 2:1 ҳәа аиааира ргеит аӡҩыбжьаа.
Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба аицлабрақәа рымҩаԥгара алзыршаз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, дрыдныҳәалеит алахәылацәа, ахәаԥшцәа, ашьапылампыл абзиабаҩцәа.
"Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит атурнир ԥхьаҟагьы аҿиара аиурц. Иаабоит уи азы алшарақәа шыҟоу", – иҳәеит иара.
1 / 6

Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир

2 / 6

Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир

3 / 6

Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир

4 / 6

Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир

5 / 6

Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир

6 / 6

Ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир

Ԥхынгәы 23 рзы Аҟәа ихацыркхаз ақыҭа командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы атурнир иалахәын 12 команда. Аицлабра иалахәуп ақыҭақәа Лыхны, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Кәтол, Алаҳаӡы, Приморск, Џьырхәа, Ҵарча, Бзыԥҭа, Аӡҩыбжьа, Уарча, Ешыра рҟынтәи 12 команда.
Уарчатәи акоманда ахәмарыҩ Ҳаџьараҭ Гәлиа атурнир аҿы иреиӷьу ашьапылампыласыҩ ҳәа далкаан. Атурнир еиҿнакааит Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа.
Аԥсны
Ҳагба ақыҭатә шьапылампыл азы: аизҳараз алшарақәа рацәоуп