Аԥсны

Бжьаниа "Хәымштәи аибашьра" аҽны Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар адгылара шриҭо иҳәеит

Қырҭтәыла архәҭақәа Аахыҵ Уаԥстәыла иаланагалеит 2008 шықәса нанҳәа 8 ауха, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев иахь ашәҟәы наишьҭит Қырҭтәыла еибашьрала ирықәлеижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы.
"Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ажәлар рыхьӡала, сара хаҭала сыхьӡала ари алахьеиқәратә амш аҽны гәыла-ԥсыла шәааигәа ҳшыҟоу, ҳашшәыдгылоу шәасҳәоит. 14 шықәса раԥхьа Қырҭтәыла бџьаршьҭыхла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, ари ауаатәыҩса ирҿагылоу ишьаарҵәыроу ршьаҿала дара даҽазныкгьы жәларбжьаратәи аилазаара иддырбеит дара ргәаҭа зеиԥшраҵәҟьоу", - ҳәа ануп анацҳамҭаҿы.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит агәымшәареи ахамеигӡареи аарԥшуа, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар аӷа иҿаԥхьа ишхьамҵыз, ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рхы ишазааргаз. Иара убасгьы иара ахәшьара ҳарак аиҭеит Урыстәыла ауаԥс жәлар рыхьчаразы игыланы, аиашареи аҭынчреи ахьазааргаз.
Аԥсны
Ашәба "Хәымштәи аибашьра" аан иҭахаз ргәакьацәа дрыдышшылеит
Бжьаниа иажәа иацҵо иҳәеит Аԥсны жәлар ибзианы ишеилыркаауа агәакьацәа рцәыӡра иацу ахьаа, убри азы иахьа гәык-ԥсыкала рыиашьаратә жәлар рылахьеиқәра шрыцеиҩыршо.
Иара Аахыҵ Уаԥстәыла ахадеи уи ажәлари аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
Қырҭтәыла нанҳәа 8 2008 шықәса рзы мҽхакы ҭбаала бџьара еиқәных Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы, Қрыҭтәыла аҭынчра мчыла азаагаразы ареспублика ар аланагалеит нанҳәа 12 рзы, Қырҭтәыла аҭынчра иазхьанарԥшырц иақәыӷәӷәо. Урыстәылеи Франциеи аимак аҭышәныртәалараз ф-принципк еицрықәшаҳаҭхеит (Медведеви — Саркозии рыплан).
Аԥсны
Аибашьра хлымӡаах: Аԥсны ААР Қырҭтәыла 2008 шықәсазы ақәылара иазкны