Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аибашьра хлымӡаах: Аԥсны ААР Қырҭтәыла 2008 шықәсазы ақәылара иазкны

© Sputnik / Томас Тхайцук Лого МИДа Абхазии
Лого МИДа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла архәҭақәа Аахыҵ Уаԥстәыла иаланагалеит 2008 шықәса нанҳәа 8 ауха, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы.
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылыратә шәҟәы нанашьҭит Қырҭтәыла аиҿагылара азонахь архәҭақәа аналанагалаз аахижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы.
"Нанҳәа 8 2008 шықәса - ари арыцхә Аахыҵ Уаԥстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны еиҳа ишьаарҵәырахаз рыцхәхоит. Фырхаҵара згым ауаԥс жәлар аӡәыкны еидгыланы Рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит, ргәымшәареи Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ацхыраареи ирыбзоураны аибашьра хлымӡаах иалагаз ақырҭуа мпыҵахалаҩ деилаԥыххаа дкарыжьит", - ҳәа ануп ашәҟәаҿы.
Ари алахьеиқәратә амш аҽны Аԥсны жәлар ригәаладыршәоит зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыреи ҳәа рҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.
Қырҭтәыла нанҳәа 8 2008 шықәса рзы мҽхакы ҭбаала бџьара еиқәных Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы, Қрыҭтәыла аҭынчра мчыла азаагаразы ареспублика ар аланагалеит нанҳәа 12 рзы, Қырҭтәыла аҭынчра иазхьанарԥшырц иақәыӷәӷәо. Урыстәылеи Франциеи аимак аҭышәныртәалараз ф-принципк еицрықәшаҳаҭхеит (Медведеви — Саркозии рыплан).
Лаша Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Аԥсны
Ашәба "Хәымштәи аибашьра" аан иҭахаз ргәакьацәа дрыдышшылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0