Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Запорожтәи аобласт Урыстәыла адларазы ареферендум мҩаԥысуеит цәыббрамзазы

Запорожтәии Херсонтәии аобластқәа Урыстәыла иасубиектқәахарц рҭахуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Украина абџьарҟәныхразы аоперациа анымҩаԥысуа аамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Запорожтәи аобласт Урыстәыла адларазы ареферендум мҩаԥысуеит цәыббрамзазы, абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит арегион ахада Евгени Балицки.
Адокумент рыдыркылеит Мелитополь имҩаԥысыз Запорожтәи аобласт ауаажәларратә еиԥылара "Мы вместе с Россией" аан. Афорум аҿы еизеит аобласт зегь аҟынтәи аделегатцәа 700-ҩык рҟынӡа. Зегьы аӡәк иеиԥш рыбжьы рҭиит Запорожтәи аобласт Урыстәыла адларц азы ареферендум амҩаԥгаразы.
Арегион анапхгара аҳәамҭа ҟарҵеит жәларызегьы ргәаанагара аартны ишырҳәо, жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәагьы изҭаху ааԥхьара рырҭеит.
Аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи аруаа Херсонтәи аобласти Украина аладахьы иҟоу Запорожтәи аобласт Азов иаԥну ахәҭеи рнапахьы иааргеит. Арегионқәа рҿы арра-граждантә напхгарақәа аԥҵоуп, урыстәылатәи ателеканалқәеи арадиостанциақәеи ддырбо иалагеит.