Аԥсны

Аҟәа Џьонуа имҩа ахәҭак аркызаауеит ахаша нанҳәа 10 рзы

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аҟәа Џьонуа имҩа ахәҭак аркызаауеит ахаша нанҳәа 10 асааҭ 7:00 инаркны, акаҭран аҩбатәи аҿыгҳара ахьықәырҵо инамаданы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Иадыркуеит Арӡынба имҩеи Аиааира апроспекти ирыбжьаку Џьонуа имҩа ахәҭеи Арӡынба-Џьонуа рымҩақәа реихысырҭеи. Уи аҭыԥан Аиааира апроспекти Гәлиа имҩеи рыла уахыкәшан уныҟәалар ҟалоит.
Аҟәа агәаны иҟоу амҩақәа хԥа - Абазақәа рымҩа, Џьонуеи Гәлиеи рымҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма инақәыршәаны.