Аԥсны

Аграждантә бџьар аиҭаҭаҩра мҩаԥыргароуп ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан"Абџьар азы" амчра аиуит хәажәкыра 1 2021 шықәса рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik. "Абџьар азы" азакәан инақәыршәаны иҭҟьо аграждантә бџьар аиҭаҭаҩра мҩаԥыргароуп ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
Апроцедура анхыркәшахалак ашьҭахь, абџьар зтәу ирырҭоит зыхьчара ҩаӡарарацәала еиҿкаау аҭаҩратә бланк ҿыцқәа.
Иара убас аграждантә бџьар аибагашьа агәаҭаразы хымԥада иҭырҟьатәуп, зыӡбахә ҳәоу апроцедура атехникатә ԥҟарақәа инарықәыршәаны, иара убас ахи ахҭрақәеи рзы аинформациа аҳасаббаразы.

Абџьар аиҭаҭаҩра зҭаху иадҵаалароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара аусбарҭа алицензиа-ақәиҭтәратә усура аҟәшахьы абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа, Академик Марр имҩа, 35.