Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" ахьанҭара ахьақәлаз азы

Ацәаҳәа "Аҽгәара" фымцалашара еиқәнаршәоит Аҟәа абжак назлоу Аԥсны агәи ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭеи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik. Нанҳәа 9 рзы Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит авольтҳарак "Аҽгәара" ахьанҭара ахьақәлаз азы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
"Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" ахьанҭара ахьақәлаз азы ацәаҳәақәа лаҟәит. Аус ауит авариатә хьчара асистема", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿ.
Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит аенергетикцәа рыбригада.
"Аҽгәара" ацәаҳәақәа ажәхьеит, шьаҭанкыла иԥсахтәуп. Ари азы аԥарақәа макьана иҟам.
Ииасыз амчыбжь азы АЦә "Аҽгәара" иахҟьаны Аԥсны агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи рҿы алашара ыцәеит.