Урыстәыла рҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп

Жәабран 24 азы аҳаирбаӷәазақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны, Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалеит, уиижьҭеи есымчыбжьа аԥкыра арежим иацнаҵоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп нанҳәа 17 рҟынӡа.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируеит.
Аԥкырақәа алагалоуп жәабран 24 аахыс. Авиаеилахәырақәа ирабжьагоуп Шәача, Аминерал ӡқәа, Волгоград, Ставрополь, Москва рҟны аҳаирбаӷәазақәа ахархәара рыҭалазарц.
Жәабран 24 азы аҳаирбаӷәазақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны, Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалеит.