Аԥсны

Аизҳара атенденциа: заҟаҩ аусутә мигрантцәа Аԥсныҟа иааз ашықәс ҳҭалазар

Аиҳараҩык аусутә мигрантцәа Аԥсныҟа иаауеит Абжьаратәи Азиантәи, зегь раасҭа еиҳауп Узбекисҭан ауааԥсыра.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Аԥсныҟа иаауа амигрантцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны амиграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Гамсаниа.
"Тенденциала амигрантцәа рхыԥхьаӡара иацло иааиуеит. 2020 шықәсази 2021 шықәсази апандемиа инадҳәаланы дара рхыԥхьаӡара акыр илаҟәызар, уажәы 4200-ҩык рҟынӡа атәылахь иҭаланы, ашәҟәы рыҽҭаргалахьеит", - иҳәеит иара.
Аиҳараҩык аусутә мигрантцәа Аԥсныҟа иаауеит Абжьаратәи Азиантәи, зегь раасҭа еиҳауп Узбекисҭан ауааԥсыра. Иара убасгьы имаҷым Ермантәыла, Аҩада Кореиа, Украина, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла рҟынтәи иҳәеит Гамсаниа.
Иара иааигаз астатистикала абиуџьет аԥараҭалара ииасыз ашықәс иаҟароуп.
"Астатистика уалацәажәозар, 2021 шықәса раԥхьатәи абжьымз рзы абиуџьет иалагалан 19 миллион мааҭ, сынтәа аԥхьатәи абжьымз рзы - 38 миллион мааҭ. Ари ҩынтә еиҳауп", - иҳәеит иара.
Аџьа амч: Аԥсныҟа аусура иаауа амигрантцәа
Гамсаниа иажәақәа рыла, амигрантцәа Аԥсны иаднаԥхьалоит аусуратә ҭагылазаашьа бзиақәа.
"Дарбанзаалак аҳәаанырцәтәылауаҩ, адокументқәа знапаҿы изку, идыруеит ара ҭынч аус иур шилшо, проблема шимоуа. Уи азы иҟаиҵараны дыҟоу ашәахтәқәа ршәара, иахәҭоу адокументқәа реиҿкаара роуп. Ҳара есыҽны ареидқәа мҩаԥаагалоит азакәанеилагаҩцәа рышьақәыргыларазы, урҭ аусура азин рызҭо ашәҟәқәа, авизақәа роуразы", - иҳәеит иара.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Хапат аџьатә мигрантцәа ирызкны
Гамсаниа ишиҳәаз ала, Аԥсныҟа иааз амигрантцәа еиуеиԥшуп аусурақәа рнапы рыларкуеит, аиҳараҩык – аргылара.
"Аусураҭаҩ аҳәаанырцәтәылауаҩ данидикыло, аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрраҟынтә, аусурамазаара афонд уҳәа рҟынтәи адокументқәа имазароуп. Иҟазароуп адырра ари аус аҿы Аԥсны атәылауаҩ аусура иҭаху иҭахыму. Аха аиҳарак 99% уи аусура аиуразы аӡәгьы диндаҭлом", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Убри аан Едуард Гамсаниа иҳәеит зҟазара ҳараку амигрантцәагьы шыҟоу, аха урҭ рхыԥхьаӡара шмаҷу.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсныҟа аусура иаауа амигрантцәа ирызкны