Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Хапат аџьатә мигрантцәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Хапат аџьатә мигрантцәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Анаплакҩы, Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Хапат арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аџьатә мигрантцәа Аԥсныҟа раара апандемиа шаныԥшыз, аҳәаанырцәынтә иаауа инарыгӡо аус ахаҭабзиара, шаҟа аԥара ҳтәыла иацәыӡуа урҭ инарыгӡо аус аҭыԥантәиқәа иахьынырмагӡо азы.
Есышықәса атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи Аԥсныҟа аусра иаауаз 4 нызқь-ҩык рҟынӡа инаӡон. Апандемиа ҟалеижьҭеи аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Уи иахҟьаны ареспубликаҿы ҩышықәса рыҩнуҵаҟа аусуцәа разымхара ыҟоуп.Амигрантцәа рҟынтәи Аԥсны иаиуз ахашәала ҳазҭоу ашықәс раԥхьатәи фымз амиграциатә маҵзура иаанашьҭыз аҳәынҭқааратә баџь жәохә миллиони бжаки артәеит. 2020 шықәсазы 34 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
"Аиашазы, даараӡа иаҳԥырхагахеит (апандемиа- азгәаҭа). Ари ашықәсан аԥсшьаҩцәа рацәан, аусутә иацлеит, арахь дара (аџьатә мигрантцәа) маҷхеит, игежьны аҩныҟа ицеит. Уи иахҟьаны саргьы даара ауадаҩрақәа сыман, са сеиԥш аус иаҿу зегьы апроблемақәа рыман. Сара сҿы еиҳарак аус зуа Ҭырқәтәылантәи иааз ҳашьцәа роуп, аха даргьы (амигрантцәа- азгәаҭа) аус руеит. Аиаша ҳҳәозар, урҭ рыда уажәазы ԥсыхәа ҳамам, аха ари проблема дууп ҳәа зысԥхьаӡо, макьана зышьақәыргылара ҳаҿу ҳҳәынҭқарра миллиардк иназынаԥшуа иалҵны иахьцо ауп. Игәасҭон аинформациа 800 миллион мааҭ аофициалла абанк аҟынтәи Аԥсны иалганы ирышьҭуеит, егьыс рџьыба иҭаҵангьы имцои, миллиард мааҭ иацны иҟоуп. Сара маҷк анализ ҟасҵеит. Абри дара (амигрантцәа)ираҳҭо аԥара, шықәсык 10 нызқьҩык ҳтәылауаа ироуа ауалафахәы ҟанаҵоит, иахьа 10-15 нызқь мааҭ мызкы изауа еиуеиԥшым амаҵзурауаа. Шәара шәазхәыц абри аԥара Аԥсны иаанханы, аус адаҳулазҭгьы", - иҳәеит Хапат.
2021 шықәса фымз рыҩнуҵаҟа Аԥсны ашәҟәы иҭагалоуп 2 200-ҩык аҳәаанырцәынтәи иааз аусуцәа. Аԥсны аҳәынҭқарраҭә амиграциатә маҵзураҿы ашықәс нҵәаанӡа ари ахыԥхьаӡара 3 000-ҩык рҟынӡа иацлоит ҳәа иазыԥшуп.
Аџьа амч: Аԥсныҟа аусура иаауа амигрантцәа- аинфографика.
Ажәабжьқәа зегьы
0