Аԥсны

Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа лашарада иаанхоит нанҳәа 12 рзы

Лашарада иҟазаауеит Гагра араиони Приморск ақыҭеи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа лашарада иаанхоит нанҳәа 12 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Асааҭ 05:30 - 07:30 рзы арыцқьаратә усурақәа инарыдҳәаланы ирцәахоит АҲ "Бзыԥ", лашарада иаанхоит Гагра араион, астанциа маҷқәа "Алаҳаӡы", "Пицунда".
Уи адагьы, асааҭ 05:30 - 12:00 рзы афымца ырцәахоит Приморск ақыҭаҟны. Алашара арцәара адҳәалоуп ҿыц иргылоу астанциа маҷ "Приморск" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.