Аԥсны

Максим Решетников дырҭааит урыстәылатәи ацхыраара иабзоураны идыргыло аобиектқәа

Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Аԥсны даҭааны игәеиҭарц игәы иҭоуп Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраарала еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа жәаба раҟара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аԥсныҟа усутә ныҟәарыла иааз Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников дырҭааит Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраарала еиҭашьақәдыргыло аобиектқәак, абри атәы аанацҳауеит аинформмаҵзура "Аԥсныпресс".
"Иахьа ҳара ареспубликаҿы ҳусутә ныҟәарақәа ҳрылагеит. Сара раԥхьаӡа акәны арахь сааит. Аиаша шәасҳәап, аратәи аԥшӡареи, сыкәша-мыкәша избо аҭагылазаашьеи, аус зуа акомандеи, абарҭқәа зегьы схырхит. Аҵыхәтәантәи 13 шықәса рыла ара аус дуқәа ҟаҵан: асоциалтә усхки аџьныртә инфраструктуреи ирыҵаркуа аобиектқәа 500 еиҭашьақәыргылоуп афедералтә биуџьет ацхыраара иабзоураны", - иҳәеит Решетников.
Афон ҿыц аминистр даҭааит 2010 - 2012 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы акомплекстә плани 2014 шықәсазтәи Аинвестпрограммеи рыла еиҭашьақәыргылаз ашкол.
Аԥсны
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Аԥсны дыҟоуп
Ашкол ашәқәа аартын 2014 шықәса рзы, аусурақәа ирықәхарџьын 195,6 миллион мааҭ. Ашкол аиҭашьақәыргылара апроект "аекономиала иҟаҵан, иара алҵшәа атәы уахәаԥшуазар" иҳәеит Решетников, иагьазгәеиҭеит ашкол аусура иалагеижьҭеи 8 шықәса шыҵхьоугьы, уи аҭагылазаашьа шыбзиоу.
Аекономҿиара аминистр инаҵшьны иҳәеит иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсни Урыстәылеи аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы шаҵарҩыз, уи аҩтәылак реизыҟазаашьақәа рзы "идаҟьа ҿыцхар" шалшо иҳәеит.
"Ҳара уажәшьҭа еиуеиԥшым азҵаарақәа хаз-хазы ҳарзааҭгылаӡом, комплексла рыӡбара ҳалагеит. Ҳара иҳамоуп апрограмма, уа иаарԥшуп Аԥсны зызнеиша арбага ҷыдақәа, ацхыраара амҽхаки уи аформа ҿыцқәеи, аекономика ацхраарагьы убрахь иналаҵаны. Даҽакала иуҳәозар, ҳара аиҭашьақәыргылара аетап аҟынтәи ҳаиасуеит аҿиара аетап ахь", - иҳәеит иара.
Афон ҿыц ашкол адагьы, Максим Решетников даҭааны ибеит еиҭашьақәыргылоу астанциа маҷ "Гагра-1", иара убас Гагра араион ацрыҵрыцқьаратә ргыларақәа.
Аԥсны
2025 шықәсанӡа Аԥсны аҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп