Аԥсны

Раԥхьаӡа акәны аԥснытәи ашахматасыҩ атурнир "Аԥсны Open" аҟны аиааира игеит

Зынӡа атурнир иалахәын 80-ҩык ашахматасыҩцәа Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Раԥхьаӡа акәны аԥснытәи ашахматасыҩ Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аҟны аиааира игеит. 15 шықәса зхыҵуа Тристан Кәарацхьелиа даиааит ҳәа аарыцҳауеит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзураҟынтә.

"Фышықәса анысхыҵуаз аахыс ашахмат сасуеит. Иахьазы аскаип ахархәарала шәачатәи азыҟаҵаҩ Оганиан Миран Арсен-иԥа аус сыдиулоит. Сзындаҭлоз риааира цәгьан, аха исықәҿиеит", - иҳәеит Кәарацхьелиа.

Атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ игеит ФИДЕ аҟаза Валери Шангин (Челиабинск), ахԥатәи - Тигран Чаркрубиан (Краснодар).
Ашахмат азы Аԥсны афедерациа ахада Константин Ҭыжәба иажәақәа рыла, ҽааны Аԥсны иаднакылоит урыстәылатәи ашахматтә турнир "Гран-при Черное море" аетап, 30-ҩык инареиҳаны агроссмеистерцәа злахәхо.
Аԥсны
Ахәыҷқәа рзы ашахматтә турнирқәа "Аԥсны Open" аҟны иаиааиз аҳамҭақәа рырҭеит