Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷқәа рзы ашахматтә турнирқәа "Аԥсны Open" аҟны иаиааиз аҳамҭақәа рырҭеит

© Foto / Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуВ Сухуме завершились детские турниры В и С в рамках ежегодного XIX Международного шахматного фестиваля "Абхазия Опен
В Сухуме завершились детские турниры В и С в рамках ежегодного XIX Международного шахматного фестиваля Абхазия Опен - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа ихыркәшахеит есышықәсатәи Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Абхазия Open"Аԥсны 2022".
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Ахәыҷқәа рзы ашахматтә турнирқәа В; С, Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аҟны иаиааиз аҳамҭақәа рырҭеит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган х-турнирк: адуцәа рзы (атурнир А), ахәыҷқәа рзы (В – 8 - 12 шықәса зхыҵуа, С – 8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа). Аицлабрақәа мҩаԥысуеит швеицариатәи асистемала.
Зынӡа атурнирқәа ирылахәын 60-ҩык ахәыҷқәа Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи. Имҩаԥган 7 турк.
12 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Полина Марченко, аҩбатәи - Викториа Бурхан, ахԥатәи - Евридика Михаилиди. Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Георги Орлов, аҩбатәи - Емиль Аведикиан, ахԥатәи - Руслан Занҭариа.
8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Анна Ԥалаванӡиаԥҳа, аҩбатәи - Анастасиа Қаҩԥҳа. Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Баграт Аршба, аҩбатәи - Константин Бранӡиа, ахԥатәи - Давид Тҟьебучаа.
Аӡбаҩ хада - Оҭар Хәырхәмал. Аиҿкааҩцәа - Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы.
Адуцәа аԥхьахәқәа рыҭахоит нанҳәа 10 рзы. Афестиваль апрограммаҿ иазԥхьагәаҭоуп рапид (нанҳәа 11), блиц азы атурнир (нанҳәа 12).
Ажәабжьқәа зегьы
0