АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә нотариалтә усбарҭа №5 анотариус Кристина Џьопуаԥҳаи атәылауаҩ Седа Каракеани рганахь ала ашьаус хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аус аматериалқәа рыла, Кристина Џьопуаԥҳа Р. Пашьиан лтәанчахәы атәылауаҩ Каракеиан илоуразы, Р. Пашьиан лыхьӡала аԥаршеи дыррақәа алагалан аршаҳаҭга азлырхиеит.
Адокумент хышықәса аҿҳәара аман, уи ала Пашьиан лтәанчахәы аиура алнаршон Аԥсны Аҵәахырҭатә банк афилиалқәеи акоммерциатә банкқәеи рҿы.
Ари аршаҳаҭга ахархәарала Седа Каракеиан зыԥсҭазаара иалҵхьаз Пашьиан илоураны иҟаз Урыстәылеи Аԥсни иршәоз атәанчахәы лгеит.
Аха закәандарыла аԥара аӷьычра анарха амоуит, избанзар Атәанчахәытә фонд аҿы Пашьиан дшыԥсхьоу ахьаадырԥшызи атәанчахәы ахыԥхьаӡалара ахьааныркылази азы.