Аԥсны

Гагра асасааирҭақәеи апансионатқәеи рҿы 120 нызқьҩык атуристцәа рыԥсы ршьахьеит

Ашықәс азыбжазы Аԥсны ииасыз ашықәс иаҿырԥшны атуристцәа рыҟазаара еиҳа еиҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Нанҳәа 1 азтәи арбагақәа рыла 120 нызқьҩык атуристцәа Гагра асасааирҭақәеи апансионатқәеи рҿы рыԥсы ршьахьеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Атуриститә сезон бааԥсуп ҳазҳәом. Рашәарамзазтәи амшцәгьақәа анырра шыҟарҵазгьы ашәахтәлагалақәа рстатистик ала адинамика ҵоуроуп. Уажәазы ақалақь ҭәуп. Аҳасабырба ҳазҭо 60 обиект нанҳәа 1 азтәи арбагақәа рыла 120 нызқьҩык атуристцәа Гагра асасааирҭақәеи апансионатқәеи рҿы рыԥсы ршьахьеит ҳәа азгәарҭоит", - иҳәеит иара.
Ҵышәба иҳәеит аҭагылазаашьа шыбзиоу, аха лассы-лассы аӡи алашареи рырцәара ауадаҩрақәа шыҟарҵо. Иара ари аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" ауашәшәырара иадиҳәалоит.
Ахада ихаҭыԥуаҩ ишиҳәо ала, аӡеиқәыршәаратә система алашара аныцәалак аӡы аӡеизакырҭахь изымнеиуа еиҿкаауп, дара лассы иҭацәуеит, нас ахархәаразы аӡыҭгагақәа ҩ-сааҭк еиҵамкәа аус руроуп ҳәа.
"Иахьазы абарҭ апроблемақәа ҳамоуп. Анхамҩатә маҵзурақәа рнапы иануп ауааԥсыра аӡы рызнаргаларц. АҶА ацхыраара ҳнаҭоит, аха ауаарацәа рыҟазаараан ари уадаҩуп ", - иҳәеит Ҵышәба.
Аԥсны
Гагра араион ацрыҵрыцқьарҭақәа Аинвеспрограммала иргылахоит
2023-2025 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә программала 700 миллион мааҭ рыхә арбоуп, уи ала амҩақәа акаҭран рықәҵахоит, еиҭашьақәыргылахоит Пицунда астанциа маҷ, амҩақәа лашарала еиқәыршәахоит, 2015 шықәсазы иргылаз гагратәи аӡыҭгага станциақәа еиҭашьақәыргылахоит. Ҵышәба иажәақәа рыла, ари апроект ахыркәшара ақалақь ӡыла аиқәыршәара апроблема аӡбар ауеит.