Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи арбџьармчқәа Соледар рцәыӡқәа ҩнызқьҩык иреиҳауп

Урыстәылатәи ар Украина арратә операциа шымҩаԥысыц имҩаԥысует.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Украинатәи ар Соледар рцәыӡқәа ҩнызқьҩык иреиҳауп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Аидгыла мчқәа ржәылараан Соледар иахьаҵанакуа УАМ амеханизациа зызуу 14-тәи абригада ҩнызқьҩык рҟынӡа ацәыӡ аиуит. Иаанхаз украинатәи акомандаҟаҵара атыл ахь иахыргеит", - иҳәеит аусбарҭа аофициал хаҭарнак Игор Конашенков.
ДЖәР аиланхарҭақәа Опытноеи Невельскоеи рҿы УАМ 56-тәи амотобригада 70% аилазаара ацәыӡит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аҳаирпланқәа Украина авертолиот Ми-24 карыжьит
Уи адагьы абригада 23-тәи абатальон хаԥышәала аибашьра дәы ныжьны, рхырӷәӷәарҭақәа кажьны иқәҵит.
Жәабран 24 раахыс урыстәылатәи аруаа Украина аоперациа ҷыда мҩаԥыргоит аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи рыла арратә обиектқәа ааха рыҭо.