Зеиԥш ыҟам Гиуенос: антикатәи ақалақь аҭҵааразы ажрақәа

Ԥшьышықәса ҵуеит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Очамчыра антикатәи ақалақь Гиуенос аҭҵааразы ажрақәа мҩаԥыргоижьҭеи.
Sputnik
Гиуенос ма Гиенос-– Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаҵәҟьоу антикатә полисуп. Диоскуриадеи Питиунти ахьыҟаҵәҟаз аҭыԥқәа макьаназы иԥшаам.
Гиуенос х-хәык рҟны иргылан. Уажәтәи амшынбаӷәаза ахьыҟоу аҵакыраҟны иҟаз ҩ-хәык аҭҵаара иалагеит 20-30 шықәсқәа иҳаҩсыз ашәышықәсазы.
Уажәы археологцәа ахԥатәи ахәы аҭҵаара иаҿуп. Уажәаԥҳьа араҟа ажрақәа мҩаԥигахьан аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Сергеи Шамба.
1 / 13

Очамчыра ажәытәӡатәи анхарҭа ҭыԥқәа рҟны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа имҩаԥырго ажрақәа раан ирыԥшааит антикатәи аамҭа V-IV ашәышықәсақәа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ирыҵаркуа иуникалтәу аџьазтә ҳаҭәараҷ (аскульптура).

2 / 13

Сынтәа аҵарауаа Гиуенос ажрақәа мҩаԥыргоит ҵыԥх иахьымҩаԥыргоз аҭыԥ аҟны. Ажрақәа руак аан дара акультуратә ҿысҭанӡа инаӡеит, уи византиатәи аамҭа иаҵанакуеит, егьи аҭыԥаҿы - заатәи антика.

3 / 13

Гиуенос ма Гиенос-– Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаҵәҟьоу антикатә полисуп.

4 / 13

Гиуенос аҭҵаара иалагеит 1934-1935 шықәсқәа рзы, арратә баӷәаза аргылараан, амала усҟан ажрақәа мҩаԥгамызт.

5 / 13

Гиуенос х-хәык рҟны иргылан.

6 / 13

Гиуенос аҭыԥ аҟны акультуратә ҿысҭа аҭҵаара иалагоит, иара ихьшәоу аџьаз аамҭа иаҵанакуеит. Уи аҵаулара хә-метрак еиҳауп.

7 / 13

Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы. Аҭҵаара иалахәуп 15-ҩык.

8 / 13

Аԥшаарақәа раан иаарԥшхеит аҭоубыҭ ахҩеи ахьымаҭәаки. Уаанӡа ара иԥшаан арамеи бызшәала ицәажәоз ахаҳәҟьаԥс.

9 / 13

Ажрақәа Аԥснынтәи ирылахәу напхгара риҭоит археолог Аркади Џьопуа, Урыстәыла - аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ркандидат, Мрагылараҭҵаара аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Скаков.

10 / 13

Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы. Ажрақәа хдыркәшараны иҟоуп нанҳәамза 20 рзы.

11 / 13

Аԥшаахқәа рацәаны ирбоит аҵарауаа.

12 / 13

2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа.

13 / 13

Аҵарауаа лафшақә икыдырҵеит ажурналистцәа рызҵаарақәа шаҟа иаԥсоу.