https://sputnik-abkhazia.info/20220813/1040912439.html
Зеиԥш ыҟам Гиуенос: антикатәи ақалақь аҭҵааразы ажрақәа
Зеиԥш ыҟам Гиуенос: антикатәи ақалақь аҭҵааразы ажрақәа
Sputnik Аҧсны
Ԥшьышықәса ҵуеит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Очамчыра антикатәи ақалақь Гиуенос аҭҵааразы ажрақәа мҩаԥыргоижьҭеи. 13.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-13T20:34+0300
2022-08-13T20:34+0300
2022-08-13T20:35+0300
афотосахьақәа
аԥсны
акультура
очамчыра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/0c/1040888260_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_a2c436d8eed44075e65d4fdfe4f2132e.jpg
Гиуенос ма Гиенос-– Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаҵәҟьоу антикатә полисуп. Диоскуриадеи Питиунти ахьыҟаҵәҟаз аҭыԥқәа макьаназы иԥшаам.Гиуенос х-хәык рҟны иргылан. Уажәтәи амшынбаӷәаза ахьыҟоу аҵакыраҟны иҟаз ҩ-хәык аҭҵаара иалагеит 20-30 шықәсқәа иҳаҩсыз ашәышықәсазы.Уажәы археологцәа ахԥатәи ахәы аҭҵаара иаҿуп. Уажәаԥҳьа араҟа ажрақәа мҩаԥигахьан аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Сергеи Шамба.
очамчыра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/0c/1040888260_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_41a1318638fbe367cbc15a0d40b72bd3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура, очамчыра араион
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура, очамчыра араион
Зеиԥш ыҟам Гиуенос: антикатәи ақалақь аҭҵааразы ажрақәа
20:34 13.08.2022 (ирҿыцуп: 20:35 13.08.2022) Ԥшьышықәса ҵуеит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Очамчыра антикатәи ақалақь Гиуенос аҭҵааразы ажрақәа мҩаԥыргоижьҭеи.
Гиуенос ма Гиенос-– Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаҵәҟьоу антикатә полисуп. Диоскуриадеи Питиунти ахьыҟаҵәҟаз аҭыԥқәа макьаназы иԥшаам.
Гиуенос х-хәык рҟны иргылан. Уажәтәи амшынбаӷәаза ахьыҟоу аҵакыраҟны иҟаз ҩ-хәык аҭҵаара иалагеит 20-30 шықәсқәа иҳаҩсыз ашәышықәсазы.
Уажәы археологцәа ахԥатәи ахәы аҭҵаара иаҿуп. Уажәаԥҳьа араҟа ажрақәа мҩаԥигахьан аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Сергеи Шамба.

Очамчыра ажәытәӡатәи анхарҭа ҭыԥқәа рҟны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа имҩаԥырго ажрақәа раан ирыԥшааит антикатәи аамҭа V-IV ашәышықәсақәа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ирыҵаркуа иуникалтәу аџьазтә ҳаҭәараҷ (аскульптура).

Сынтәа аҵарауаа Гиуенос ажрақәа мҩаԥыргоит ҵыԥх иахьымҩаԥыргоз аҭыԥ аҟны. Ажрақәа руак аан дара акультуратә ҿысҭанӡа инаӡеит, уи византиатәи аамҭа иаҵанакуеит, егьи аҭыԥаҿы - заатәи антика.

Гиуенос ма Гиенос-– Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаҵәҟьоу антикатә полисуп.

Гиуенос аҭҵаара иалагеит 1934-1935 шықәсқәа рзы, арратә баӷәаза аргылараан, амала усҟан ажрақәа мҩаԥгамызт.

Гиуенос х-хәык рҟны иргылан.

Гиуенос аҭыԥ аҟны акультуратә ҿысҭа аҭҵаара иалагоит, иара ихьшәоу аџьаз аамҭа иаҵанакуеит. Уи аҵаулара хә-метрак еиҳауп.

Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы. Аҭҵаара иалахәуп 15-ҩык.

Аԥшаарақәа раан иаарԥшхеит аҭоубыҭ ахҩеи ахьымаҭәаки. Уаанӡа ара иԥшаан арамеи бызшәала ицәажәоз ахаҳәҟьаԥс.

Ажрақәа Аԥснынтәи ирылахәу напхгара риҭоит археолог Аркади Џьопуа, Урыстәыла - аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ркандидат, Мрагылараҭҵаара аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Скаков.

Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы. Ажрақәа хдыркәшараны иҟоуп нанҳәамза 20 рзы.

Аԥшаахқәа рацәаны ирбоит аҵарауаа.

2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа.

Аҵарауаа лафшақә икыдырҵеит ажурналистцәа рызҵаарақәа шаҟа иаԥсоу.