Аԥсны

Вольвач: Аԥсны аекономика, Урыстәыла ишахьыԥшугьы, иаҳа иӷәӷәахартә иҟоуп

2023-2025 шықәсқәа рзтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз ацхрааразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапы аҵеиҩын нанҳәамза алагамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13- Sputnik. Аԥсны аекономика аҭәымҭа иҭагылоуп, уи Урыстәылатәи аԥарашәарақәа ишахьыԥшугьы, иаҳа иӷәӷәахартә иҟоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аекономикатә ҿиараз аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
Вольвач дырзааҭгылеит Москва мчыбжьык аԥхьа знапы аҵеиҩыз 2022-2025 шықәсқәа рзтәи Аинвестпрограмма ахышәа-ҵышәарақәа. Иазгәеиҭеит, иҟаз аусеицура алҵшәақәа рыла азнеишьа аԥсахрақәа шаларгалаз: еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбра хаз-хазы акәымкәа аекономикатә цхырааразы аизыҟазаашьақәа рыргыларахь.
"Ареспублика аекономика иамоу алшарақәа рыла иҿиалар ахәҭоуп, уи амчхара дууп. Уи атуристтә хырхарҭа, асанатортә-абальнеологиатә хырхарҭа, ақыҭанхамҩа, аиҭаусдулара. Ирацәоуп ареспубликаҟны зырҿиара аҭаху ахырхарҭақәа, уи азоуп уи амҩа залаҳхызгьы",- иҳәеит Вольвач.
Убри аан Вольвач иазгәеиҭеит, Урыстәыла Аԥсны атәылауаа аулафахәы рыҭаразы ашәарацҵақәа иацнаҵалоит ҳәа.