Аԥсны

Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 209-ҩык Гагра араион иалҵыз аибашьцәа.
Sputnik
ГАГРА, нанҳәа 14 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра алагеижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы Гагра ақалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи зыԥсадгьыл зыԥсы ахҭнызҵаз аҵеицәа рбаҟақәеи рымҵан иахьа ашәҭ шьҭаҵареи алахьеиқәҵаратә митинги мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион анапхгара, адепутатцәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ауаажәларреи.
1 / 3

Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа

2 / 3

Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа

3 / 3

Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа

Амитинг аҟны ажәлар рҿаԥхьа ажәахә ҟаҵо, иахьатәи амш аҵакы дазааҭгылеит Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.
"Иахьа иҵит 30 шықәса, ақырҭуа мпыҵахалаҩ бџьарла деиқәных Аԥсны дақәлеижьҭеи. Ҳаиҳабацәа Владислав Арӡынба ивагыланы иаҳзааргаз Аиааира абжьаратәи аиҵбыратәи абиԥарақәа еиқәырханы, зқьышықәсала хашҭра ақәымкәа аҭоурых иазынхартә еиԥш иныҟәыргауа анцәа иҳәааит. Ажәлар ирхыргаз ахлымӡаах уаҳа ҳааигәара имаиааит. Ахысыбжьқәа анго аԥа иира иазкхааит", - иҳәеит иара.
Анаҩс аибашьра аветеранцәа рыхьӡала ажәа иман "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Анатоли Ҷыҭанаа.
"Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы "ари иуадаҩу аамҭазы ажәлар аидгылара ҳҭахуп. Ҳтәыла иақәлаз аӷа дықәцатәуп. Агәра шәсыргоит Аиааира ҳара ишааго" - абарҭ ажәақәа рыла иалагеит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа реибашьратә мҩа. Ахацәа ирывагылеит афырԥҳәызбацәагьы. Имаҷҩым урҭ рахьтә зыԥсыдгьыл зхы ақәызҵазгьы. Абарҭ ҳазнысыз ауадаҩрақәа аҿар ҭоурыхла ада рыԥсҭазаараҟны анырра ҟанамҵааит. Ԥшь-миллионк иҟаз ҳаӷацәа шәнызқьык ҳақәырхуеит ҳәа иалаган, аха рыгәҭакы анцәа ирыцеиҩиимшеит. Иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара наунагӡахааит", - ҳәа наҵишьит аибашьра аветеран.
Ахьӡ-аԥша абаҟа аҵакыраҿы Гагра араион акультура аҟәша амчала еиҿкаан аибашьра ахроника иазкыз афотоцәыргақәҵагьы.
Анаҩс ашәҭшьҭаҵара мҩаԥысит Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны гыгшәыграла ишьыз аибашьцәа Вадим Чамагәуеи, Аркади Пасаниеи, Григори Гәынбеи, Георги Ҳалуашьи, Витали Ақырҭааи, Нодар Адлеибеи ргәалашәара ахьӡала ишьақәыргылоу ахаҳә амҵан.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа иара убас имҩаԥысит Гагра араион зехьынџьара.
Аԥсны Аиааира рхы ақәырҵеит 209-ҩык Гагра араион иалҵыз аибашьцәа.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны
Аибашьра аҩбатәи амш аҽны, 1992 шықәса нанҳәа 15 рзы, Ԥоҭынтә Гаграҟа идәықәҵан ҩ-десанттә ӷбақәеи, ҩ-кометаки, акәылҵтәы техникақәа ԥшьбеи аршьаҟауааи злаз ампыҵахалаҩ имшынтә десант. Ашьыбжьон, асааҭ аказы, адесант ӡхыҵит Цандрыԥшь аҳаблан. Араҟа, аӷа аҿагылара ирҭеит аԥсуа еибашьцәа ргәыԥқәа. Аха амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳарԥарцәа хьаҵыр акәхеит асасааирҭа "Украина" ахьыҟоу аҭыԥахь.
Анаҩс ақырҭуа мпыҵахалаҩ инапахьы иааигеит Гагра ақалақь. Иара уи алагьы аибашьра мраҭашәаратәи ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.
Аԥсны
Бжьаниа: Владислав иааԥхьара бираҟҵас ишьҭыхны ҳажәлар аӡәк иеиԥш Аԥсны ахьчаразы игылеит