Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Владислав иааԥхьара бираҟҵас ишьҭыхны ҳажәлар аӡәк иеиԥш Аԥсны ахьчаразы игылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14 рзы иргәаладыршәоит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аԥсадгьыл аҵеицәа. 30 шықәса раԥхьа Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа аихамҩа ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарра бџьаршьҭыхла иақәлеит.
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 30 шықәса ахыҵра инамаданы иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Иара даҽазныкгьы иргәалаиршәеит иахьатәи алахьеиқәҵаратә мшы аҽны 30 шықәса раԥхьа аӷа Аԥсны дшақәлаз, ишалагаз 413 мшы ицоз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.

"Ҳԥыза Ду Владислав иааԥхьара бираҟҵас ишьҭыхны ҳажәлар зегьы аӡәк иеиԥш Аԥсны ахьчаразы игылеит. Нхыҵ Кавказ иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, амҳаџьыраа рхылҵшьҭра, Урыстәыла, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи рҟынтәи иҳадгылт. Урҭ рлагаламҭа хашҭра ақәым", - ҳәа ануп ааԥхьараҿы.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит аибашьра имӷьаӡо ахәра шаҳзыннажьыз, уи ахәра зырӷьо ҳәа акгьы ҟалараны иҟам иҳәеит иара.
Иара убас Аслан Бжьаниа дазааҭгылеит Қырҭтәыла иахьагьы агәра угартә ишыҟам.
"Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарра ҳбызшәа иацәнымхошәа, ҳажәлар ирыцәнымхошәа иҟарҵо зегьы ҵакыс иамоу акоуп – мчыла ианаму, хаала рнапахьы ҳнагара иашьҭоуп. Урҭ ргәы иҭоу еилкаауп - ҩнуҵҟала ҳаинҟьара рҽазыршәоит, ҳара-ҳара ҳаиҿадыргылоит. Иахьагьы рнапы аҵарымҩыц аибашьра алызмыршо ашәҟәы. Иазыԥшуп ҳтәылахьчара азҵаара аныԥсыҽхо ҳәа, усҟан ҩаԥхьа ирыхшәап ирхарԥоу асыс мҟаа ацәа. Аха ргәыхәтәы иахьӡараны иҟам. Аибашьраҿы уаҩ илымшо зылшаз, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы ҳанеидгыла, ҳаззымиааиуа ус ҟалом", - иҳәеит Бжьаниа.
Аслан Бжания возложил цветы в Парке Славы в день начала Отечественной войны народа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны
Аԥсны ахада инаҵшьны иҳәеит иахьатәи аамҭазы аԥсҭазаара шымариам, ҳара ишаҳҭаху зегьы шыҟам.
"Иҭахаз ҳаибашьцәа рҭаацәа, аветеранцәа, ишәыхәҭоу адгылара шәоурц азы макьана уи аҟара ҳаӷәӷәам. Хықәкы хаданы иҳамоу – ҳауаажәлар шәымаҵ ауроуп, Аԥсны инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәроуп. Иахьа ихьыԥшым ҳхатәы ҳәынҭқарра ҳамоуп. Ҳаҿиароуп, ԥхьаҟа ҳцароуп! 30 шықәса раԥхьа иҟалаз уаҳа иҟамлароуп Аԥсны. Уаҳа аибашьра амбароуп ари адгьыл. Иахьа иаԥсыуа ҳәынҭқарраны ишыҟоу Аԥсынра, зқьышықәсала инеилароуп", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Хашҭра рықәым Аԥсны зхы ақәызҵаз Афырхацәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ажәабжьқәа зегьы
0