Нанҳәа 14 - Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчаҩцәа ргәалашәара иамшуп. 30 шықәса раԥхьа ари аҽны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Уи иагеит хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыреи рыԥсҭазаарақәа. Ԥшьышәи жәаха мши ҵхи ицоз аибашьра аԥсуа жәлар риааирала ихыркәшан цәыббра 30, 1993 шықәса рзы.
Гәымсҭатәи афронт аҟны азенит-хыԥсаҟьагатә батареиа адҵаҟаҵаҩс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа Леонид Арӡынбеи Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ргәыԥ "Дельфин" иалаз, Агәымшәараз амедал занашьоу Сурам Сақаниеи арадио Sputnik аефир аҟны иргәаладыршәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз рнапы злакыз, рыԥсадгьыл ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ақәлеит ҳәа шраҳаз, уи ахьчаразы раԥхьатәи амшқәа рзы иҟарҵоз, аҭагылазаашьа зеиԥшраз, аԥсуаа рԥыза Владислав Арӡынба илша ажәлар реидкылараҟны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.