Есышықәса нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш. Сынтәа уи ахҭыс 30 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа хадаратәла Гәдоуҭа имҩаԥысуеит. Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымшныҳәа азгәаҭаразы Аԥсныҟа сынтәа иааит 200-ҩык инарзынаԥшуа асасцәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуан ҩ-нызқьҩык инареиҳаны. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык – "Агәымшәараз" амедал. Иҭахеит 299-ҩык.
Раԥхьаӡа акәны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш азгәаҭан нанҳәа 15, 2012 шықәсазы. Ари аҽны ареспубликаҿ есышықәса имҩаԥысуеит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.