Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аџьынџьал Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рзы: ашықәсан есҽны иаҳгәалашәалароуп

Аџьынџьал Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рзы: ашықәсан есҽны иаҳгәалашәалароуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымадаразы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсуа жәлар ирывагыланы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иазықәԥоз аиааира аагараҟны рлагала атәы.
Есышықәса нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш. Сынтәа уи ахҭыс 30 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа хадаратәла Гәдоуҭа имҩаԥысуеит. Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымшныҳәа азгәаҭаразы Аԥсныҟа сынтәа иааит 200-ҩык инарзынаԥшуа асасцәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуан ҩ-нызқьҩык инареиҳаны. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык – "Агәымшәараз" амедал. Иҭахеит 299-ҩык.
Раԥхьаӡа акәны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш азгәаҭан нанҳәа 15, 2012 шықәсазы. Ари аҽны ареспубликаҿ есышықәса имҩаԥысуеит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0