Аԥсны

Аԥсны Аҵәахбанк нанҳәамзазы урыстәылатәи атәанчахәыҭара аихшанҵа шьақәнаргылеит

2020 шықәса нанҳәамза инаркны аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахбанки егьырҭ акоммерциатә банкқәеи ркассақәа рҟынтәи мацара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2022 шықәса нанҳәамзатәи аихшанҵа еиқәнаршәеит.
Уи инақәыршәаны нанҳәа 17, 18 рзы атәанчахәы роуит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа.
Нанҳәа 19, 22 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз ироуит.
Нанҳәа 23, 24 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз ироуеит.
Нанҳәа 25, 30 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Нанҳәа 31, цәыббра 1 рзы - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Цәыббра 2 инаркны - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.