Аԥсны

"Иаку абилеҭ" ала Аԥсныҟа ҩнызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа аахьеит

2021 шықәсазы "Иаку абилеҭ" ала Урыстәылантәи Аԥсны ақалақьқәа хәба рахь иааган хнызқьҩык апассаџьырцәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. 2022 шықәсазы "Иаку абилеҭ" ала Аԥсныҟа ҩнызқьи хәышәҩык рҟынӡа апассаџьырцәа аахьеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит "Иаку атранспорттә дирекциа" апресс-маӡаныҟәгаҩ Викториа Шестакова.
Шестакова лажәақәа рыла, сынтәа амҩангарақәа ҩынтәны еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿырԥшны.
"Есышықәса "Иаку абилеҭ" еиҳа-еиҳа ауаа ирылаҵәоит. Иара раԥхьа иргыланы апассаџьырцәа рзы иманшәалоуп" , - лҳәоит лара.
Шестакова иазгәалҭеит апассаџьырцәа еиҳа иахьаҭаауа ақалақьқәа Пицундеи Гагреи шракәу. Иара убас амаҵзура ахархәара аиуеит Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа.
"Иаку абилеҭ" –иаку транспорттә документк амаршрут зегьы аҿы ахархәара алнаршоит. "Иаку абилеҭ" ала Аԥсныҟа иаауеит 2017 шықәса раахыс.