Аԥсны

Афымца аҳауатә цәаҳәақәа адгьылаҵатә цәаҳәақәа рыла ирыԥсахуеит

Ацәаҳәақәа ԥсаххоит Ашьхарыуаа рышкол аԥхьа Аиааира амҩаҿы, Пушкин имҩа инаркны академик Марр имҩаҟынӡа, абри амчыбжь иалагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол аԥхьа ииасуа афымца аҳауатә цәаҳәақәа адгьылаҵатә цәаҳәақәа рыла ирыԥсахуеит ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит.
Аусурақәа мҩаԥгахоит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба инапхгарала, аҭоурыхтә хыбра ахаҿра акы аԥырхагамхо иҟаларазы.
1 / 2

Афымца аҳауатә цәаҳәақәа адгьылаҵатә цәаҳәақәа рыла ирыԥсахуеит

2 / 2

Афымца аҳауатә цәаҳәақәа адгьылаҵатә цәаҳәақәа рыла ирыԥсахуеит

Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал ишиҳәо ала, ари зыхә дуу, иагьымариам усуп. Аусурақәа мҩаԥгахоит Аҟәа ахадара ахарџь ала.
Уажәтәи аамҭазы ахаҳәҟьаԥс анықәырхуа аусуцәа иаразнак адгьылаҵатә цәаҳәақәагьы ыҵарҵоит, анаҩс аҳауатә цәаҳәақәа рԥсахуеит.
Аԥсны
Аҟәа ахада 2022 шықәса аԥхьатәи азыбжазтәи аусураз аҳасабырба ҟаиҵеит