Аԥсны

Агазеҭ "Аԥсны" ахатә саит аанартит

"Аԥсны" - аԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп, иара Аԥсны реиҳа акрызхыҵуа периодикатә ҭыжьымҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" асаит аусура иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә республикатә усбарҭа "Аԥснымедиа" адиректор хада Роберт Џьопуа.
"Ари азҵаара раԥхьа зыӡбара ҳалагаз иреиуоуп аредакциақәа хԥа - агазеҭқәа "Аԥсны", "Республика Абхазия", аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" медиагәыԥкны ианеидаҳкыла. Ҳара асаит аԥаҳҵеит, аусура иалаҳаргеит. Актәи аԥсуа газеҭ ахаан ахатә саит амаӡамызт", - иҳәеит Џьопуа.
"Аԥснымедиа" аиҳабы иазгәеиҭеит агазеҭ асаит аҿы еизыргахьоу архивтә материал макьана ишдуум, аха ашықәс нҵәаанӡа 2022 шықәса иалагеижьҭеи иҭыҵыз аномерқәа зегьы ҭарҵарц ргәы ишҭоу.
"Асаит ааҳартызаргьы, ақьаад аҿы икьыԥхьу агазеҭ "Аԥсны шыҟац иаанхоит. Иахьа ауаа реиҳараҩык агаджетқәа рхы иадырхәоит, убри азы аредакциа аматериалқәа аԥхьаҩцәа рҟынӡа рнагаразы асаит, асоциалтә ҳақәа ҳхы иаҳархәарц ҳаӡбеит", - иҳәеит "Аԥснымедиа" аиҳабы.
Аԥсны
Аԥсны аҳәынҭқарратә АИХқәа хԥа аилахәыра "Аԥснымедиа" ҳәа еидырҵеит
Иара иазгәеиҭеит ақьаад аҿы икьыԥхьу агазеҭ "Аԥсны" аазхәо шмаҷҩу. Уи рнапы аҵарыҩуеит еиҳарак иҳәынҭқарратәуи иҳәынҭқарратәыми аиҿкаарақәа, хазы игоу ахаҿқәа усҟак иҟам, иара убас агазеҭҭирҭақәа рҿы иаазхәақәогьы ыҟоуп.
Уажәы агазеҭ ҭыҵуеит мчыбжьык ахь знык, аха хара имгакәа мчыбжьык ахь ҩынтә иҭыҵуа иҟалоит иҳәеит иара.
"Иара убас агазеҭ "Аԥсны" ахьӡ анҵашьа ҳаԥсахуеит, адизаинер уи аус анадиулоз аредакциеи сара иҟасҵаз ажәалагалақәеи дрызхәыцны иҟаиҵеит. Ҳара иаҳҭахын 1919 шықәса рзы иҭыҵыз актәи аномер аҿы ишаныз иеиԥшны аҟаҵара. Ахьӡ анҵашьа ҳаԥсахит агазеҭ "Республика Абхазия" аҿгьы, ашрифт ҳаԥсахит", - иҳәеит Роберт Џьопуа.
Иара иазгәеиҭеит агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҿы аус шыруа 15-ҩык, асаит аус шадиуло аӡәы.
Аԥсны
Амилаҭи абызшәеи реиқәырхаразы: агазеҭ "Аԥсны" 103 шықәса ахыҵит
"Аԥсны" - аԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп, иара Аԥсны реиҳа акрызхыҵуа периодикатә ҭыжьымҭоуп. Уи адаҟьақәа рҿы ицәырҵуеит ареспублика ауаажәларратә, аекономикатә, аполитикатә ԥсҭазаара иазку анҵамҭақәа.
Агазеҭ "Аԥсны" актәи аномер ҭыҵит жәабран 27 1919 шықәса рзы. Ари арыцхә Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациатә хархәагақәа ирымшны. Агазеҭ "Аԥсны" 1921 - 1991 шықәсқәа рзы "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа иахьӡын.