Аԥсны

Бжьаниа акоронавирус апандемиа аԥырҟәҟәаара иақәнарӡыз аԥара аӡбахә иҳәеит

Апандемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны иаадырԥшит 54,5 нызқь акоронавирустә хҭыс.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны акоронавирус аламырҵәара иақәнарӡит 1 миллиард 70 миллион мааҭ, урҭ рахьтә 1 миллиардки 20 миллиони - ахатә биуџьет аҟынтәи.
Абри азы адырра ҟаиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа Ауаажәларратә палата алахәылацәа нанҳәа 17 рзы данырԥылоз.
Аԥсны
Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада стратегиатә обиектуп ҳәа ахиҳәааит
Бжьаниа иажәақәа рыла, акоронавирус апандемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны иаадырԥшит 54,5 нызқь акоронавирустә хҭыс, ирхәышәтәит 693-ҩык, зыԥсҭазаара иалҵит рыхәҭа 1,3% иҟоу.
СOVID-19 злаз апациентцәа рхәышәтәуан 800-ҩык амедикцәа.
Уажәы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус злоу ачымазцәа 12-ҩык.
Арадио
Аҳақьым еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы ишьҭоу ачымазара шырхырго атәы