Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада стратегиатә обиектуп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2022
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада даҭааит нанҳәа жәаф рзы.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада стратегиатә обиектуп ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит цәыббра акы аҟынӡа аӡымҩахгаратә система аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара шыҟаҵахо. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа ахәшәтәырҭа даҭааит Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа дицны. Ахада изеиҭарҳәеит амедусҳәарҭа апроблемақәа – иахьазы ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа аус руӡом.
Акоронавирус апандемиа аан ақәыӷәӷәара ду змаз ахәшәтәырҭа аӡымҩахгаратә система акыр иажәхьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0